Гаделиеи Ешԥҳаи рконцерт ҩынтә изымҩаԥымсӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛука Гаделия и Кристина Эшба
Лука Гаделия и Кристина Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиа лажәақәа рыла амузеи аҟны аконцертқәа мҩаԥыргоит Владислав Арӡынба иубилеи азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аконцертқәа рымҩаԥгара адиректор илыдыргалеит амузыкантцәа Ешбеи Гаделиеи – иеизго аԥарақәа амузеи ацхырара иазырхахоит.

АҞӘА, рашәара 23, Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Амузыкантцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи рконцертқәа абар ҩынтәуп  иахыгоижьҭеи, азыӡырыҩцәа рымааира иахҟьаны.

Лука Гаделиеи, Кристина Ешԥҳаи рықәгылара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Гаделиеи Ешԥҳаи Ессентукии Кисловодски иқәгылоит

"Абар, ушьҭа ҩынтәуп амузыкантцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи рконцертқәа ахаагоижьҭеи, азыӡырыҩцәа рымааира иахҟьаны. Исзеилкаауам ҳауаажәларра асеиԥш азыҟазаашьа зрымоу артистцәа реиԥш амузеи аганахьалагьы", — лҳәеит амузеи адиректор.

Лара лажәақәа рыла амузеи аҟны аконцертқәа мҩаԥыргоит  Владислав Арӡынба иубилеи азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аконцертқәа рымҩаԥгара адиректор илыдыргалеит амузыкантцәа Ешԥҳеи Гаделиеи – иеизго аԥарақәа амузеи ацхырара иазырхахоит.

"Ҳара иаҳҭахын еизааго аԥарақәа рыла амузеи аекспозициатә усура иазҳархар. Амузыкантцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи агәыҳалалратә концерт амҩаԥгара ҳадыргалеит. Ҳгәы иаанагон ауаа амузеи хырҩа азырурым ҳәа", — азгәалҭеит адиректор.

Мзиа Беиа иаҳзеиҭалҳәеит амузеи  аоргантә музыка аларҵәаразы ашьаҿақәа шыҟанаҵаз.

"Ҳара ҳаҽимаадеит Автандил Гарцкиа, акурортқәеи атуризми рминистр. Иара иҳәеит аекскурсиатә маршрутқәа ишрылаҵахо ҳмузеи аҟны аоргантә музыка арҳәара. Агәыӷра ҳамоуп абри ажәалагала лҵшәак ҳзаанагап ҳәа", азгәалҭеит Мзиа Беиа.

Амузеи адиректор Мзиа Беиа лажәақәа рыла аорган-вокалтә музыка аконцертқәа  аԥхынтәи асезон зегьы имҩаԥгахалоит. Аконцертқәа мҩаԥыслоит ес-ҩаша, асааҭ 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0