Аҟәа иаатит афестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…"

© Sputnik Илона ХварцкияАфестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…" Аҟәа иаатит. Аҭыԥантәи афото
Афестиваль Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит… Аҟәа иаатит. Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIV-тәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…" Аҟәа иаатит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла жәлар рартистка Хьыбла Гьырзмааԥҳаи Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестри, аоператә шәаҳәаҩцәа Николаи Ерохини Ильдар Абдразакови рконцерт ала Аҟәа иаатит XIV-тәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…".

"Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьаӡа акәны асолотә вокал-симфониатә концерт мҩаԥаагоит. Ҳара ҳфестиваль раԥхьаӡа инаргыланы аиҩызцәа рфестиваль ауп. Иахьа сара исывагылоуп сҩызцәа гәакьақәа", — азгәалҭеит Гьырзмааԥҳа.

Аԥсуа драматә театр асцена иқәыҩуан аоперақәа "Севильский цирюльник", "Норма", "Тоска" рҟынтәи ариақәа. Раԥхьаӡа акәны иара убасгьы аԥсуа сцена иқәҩит Хьыбла Гьырзмааԥҳаи Николаи Ерохини рынагӡарала Луиджи Керубини иопера "Медеиа" аҟынтәи Иазони Медеиеи рдуети рариеи.

Хьыбла Гьырзмааԥҳа афортепиано арҳәаразы раԥхьатәи лырҵаҩы Карлен Иагриан дазааҭгылеит аконцерт цәаныррақәас ицәырнагаз.

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит Аԥсни Америкеи

"Сара Хьыбла санылзыӡырҩуа сышьхынԥсалоит. Нас акыраамҭагьы, ушьҭантәи лконцерт аҟынӡа лашәабжь саҳауаеит. Лара дҟаза дуӡӡоуп, инарылукааша шәаҳәаҩуп. Аха сара дшысгәалашәо ӡӷаб хәыҷык лаҳасабалоуп. Исгәалашәоит Тҟәарчалҟа данызгоз аконцертқәа рымҩаԥгаразы. Аҵара аганахьала ахаангьы проблема лыманы дыҟамызт, џьара ак лырбарагьы аҭахымызт, еснагь илдыруан ишыхәмартәыз", — еиҭеиҳәон Иагриан.

Афестиваль аконцертқәа рҟны еизгахо аԥарақәа зегьы Гагра ақалақь Амузыкатә школ иахыԥхьаӡалахоит. Ари ашкол аҟны аҵара лҵон аамҭаказ Хьыбла лхаҭа.

Ашкол адиректор Белла Кәакәасқьырԥҳа лажәақәа рыла, ашкол аҵаҩцәа рзы ари ҳамҭа дууп.

"Иреиӷьӡоу амузыка иреиӷьӡоу ашәаҳәаҩцәа ианынарыгӡо ауаҩ ихы-иԥсы зегьы атәнатәуеит. Сгәы иаанагоит агәыҳалалратә лагалақәа иалдыршоит ҳәа Аԥсны акультуратә традициақәа ирыцызҵо амузыкантцәа ҿыцқәа рааӡара", — азгәалҭеит Кәакәасқьырԥҳа.

Аԥсны жәлар рартистка Манана Шамԥҳа лажәақәа рыла, аԥсуа музыкантцәа рзгьы асимфониатә оркестр ду хымԥадатәины иҟоуп.

"Аоркестр ануаҳауа иуоуа ацәаныррақәеи иуҭаауа агәырӷьареи ароиаль ашәа анацуҳәо зынӡаск еиԥшӡам. Аԥсуа музыкантцәа рзы ари аҩыза аоркестр хымԥадатәины иҟоуп. Ашәаҳәаҩцәеи апианистцәа ҿарацәеи аиҵагылара иаҿуп, урҭгьы ԥхьаҟа уи ада ихәыдахашт. Хьыбла лакәзар, уаҩԥсы иузидымкыло лоуп. "Медеиа" сара слыршанхеит. Агәаанагара сыман Хьыбла лыбжьы џьара ҳәааркырак амоуп ҳәа, аха уи ҳәаадоуп, еиҳа еиҳа деизҳауеит", — лцәаныррақәа ҳацеиҩылшон Шамԥҳа.

© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
1/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
2/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
3/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
4/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
5/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
6/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
1/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
2/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
3/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
4/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
5/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.
6/6
Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." открылся в Сухуме. Фото с места события.

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аԥҵан 2001 шықәсазы. Есышықәсагьы Аԥсны имҩаԥысуеит. 2014 шықәсазы Станиславскии Немирович Данченкои рыхьӡ зху амузыкатә театр асценаҟни Петр Чаиковски ихьӡ зху аконсерватори Азал ду асценаҟни имҩаԥысит. Сынтәатәи афестиваль агеографиа аҽарҭбааит – раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Австриа, иацҵахеит Аԥсны, ихыркәшахоит жьҭаара 8 рзы, Ниу-Иорк ақалақь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0