Ҳаџьымба Вениамин Кондратиеви Рустам Минниханови риааира рыдиныҳәалеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗаседание по стратегическому развитию РА II этап. Фото с места события.
Заседание по стратегическому развитию РА II этап. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Вениамин Кондратиеви Рустам Минниханови дрыдныҳәалеит алхрақәа рҟны иргаз аиааиразы.

АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Вениамин Кондратьеви Рустам Минниханови дрыдныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рҟны имҩаԥысуаз алхрақәа рҟны иргаз аиааиразы ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев дидныҳәало Ҳаџьымба иазгәеиҭоит:

"Алхрақәа рҟны шәара шәԥыжәара шаҳаҭра ауеит ажәлар рҟны ишәымоу агәрагареи агәыӷреи. Агубернатор иаҳасабала шәусура иадырҳәалоит ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Шәԥышәеи шәдырреи Краснодартәи атәылаҿацә асоциал-економикатә ҿиареи ԥхьаҟа атәылаҿацә ауааԥсыра рыбзазара аизырҳареи рзы ихәдықәҵаганы иҟоуп", — ҳәа.

Ареспублика Ҭаҭарсҭан апрезидент Русҭам Минниханов иахь ишьҭу адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:

Беслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Барцыц: Краснодар атәылаҿацәи Гагра араиони аимадара рыбжьазаауеит

"Ҭаҭарсҭан иқәынхо ажәлар еицҿакрыла рыԥсҭазаара шәыгәра ганы шәнапы ианырҵеит. Иахьазы Ҭаҭарсҭан Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рыбжьара еиҳа аҿиареи аԥыжәареи змоу акәны иҟоуп. Агәра згоит президентк иаҳасабала шәусура ԥхьаҟагьы ареспублика аршәҭыкакаҷреи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәреи ишрызырхахо".

Краснодартәи атәылаҿацә аҟны агубернатор иалхрақәа мҩаԥысит раԥхьаӡа акәны аҵыхәтәантәи ажәеиза шықәса рыҩныҵҟа. Агубернатор инапынҵақәа аамҭала иназыгӡоз Вениамин Кондратьев ("Единая Россия") алхрақәа раан 84% абжьы ирҭеит. Иара диԥсахит уаанӡа губернаторс акыршықәса иҟаз Александр Ткачиов.

Амҽыша, цәыббра 14 рзы Ҭаҭарсҭан имҩаԥысыз алхрақәа рҟны аиааира игеит Русҭам Минниханов.

Ажәабжьқәа зегьы
0