Азинтә еицхырааразы аԥсуа-аурыс еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иазырхиоуп

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАбхазо-российский договор о правпомощи готов к ратификации в НС
Абхазо-российский договор о правпомощи готов к ратификации в НС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азинтә еицхырааразы Аиқәшаҳаҭра азырхоуп атәылақәа рыҩбагьы рзинмчратә органқәа рыбжьара аинырра еиҳа хра аманы аҟаҵара.

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи апарламенттә еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламенттә еилакы аилатәараҟны адепутатцәа ирыӡбеит изаамҭанытәиу апарламент аизарахь Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азинтә еицхырааразы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы анашьҭра.

"Аиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәны иамоуп аганқәеи, азинхьчаратә органқәеи рзинеиҟарара апринцип", — иҳәеит атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.

Шамба иажәақәа рыла, атәылақәа рыҩбагь рзинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа азин рымам хаԥышәала егьи атәылаҟны апроцессуалтә усқәа рымҩаԥгара.

"Аексперти аиакәым иақәшәази разҵаара, ацәгьара зуз ахаҿы ишьақәыргылара уҳәа рымҩаԥгара ҟалоит атәылақәа руак егьи атәыла азинхьчаратә органқәа рахь азыҳәа анынанашьҭлак ашьҭахь – убри атәыла аҵакырадгьыл аҟны ари апроцессуалтә ус амҩаԥгара мҩаԥысраны иҟазар", —  ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

Ашьаус аганахьала аицхырааразы Аиқәшаҳаҭра азырхоуп ацәгьоура аҿагыларазы атәылақәа рыҩбагьы рзинмчратә органқәа рыбжьара аинырра еиҳа хра аманы аҟаҵара.

2015 шықәса лаҵарамза 4 рзы Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ашьаус аҟны азинтә еицхырааразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы Адҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0