Аҟәа иргәаладыршәоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз

© Sputnik Саид БарганджияПамять жертв политических репрессий почтили в Сухуме
Память жертв политических репрессий почтили в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Рымш.

АҞӘА, жьҭаара 30, Sputnik, Саид Барганџьиа. Атәыла анапхгара, Апарламент адепутатцәа, арепрессиақәа ирыҵаркыз руацәеи рҭахцәеи ашәҭшьыҵәрақәа наргеит  Аҟәа ақалақь аҟны игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа ашҟа.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи Рассоциациа ахантәаҩы Анатоли Ԥлиа иҳәеит арҭ аамҭақәа аԥсуаа рзы реиҳа итрагедиаз, иқәхгаз ракәны ишыҟаз.

"1930 шықәса рзы Аԥсны арепрессиа рызун быжьнызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра" ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла  Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны аус ауеит  «Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ариашара рзура азы» Азакәан.

"Ҳара есышықәса ҳаизоит, аҿар ирзеиҭаҳҳәоит иҟаз шыҟаз. Ажәытә анугәаламшәо аҿатәгьы ҟалаӡом", — иҳәеит Анатоли Ԥлиа.

Аԥсны акоммунисттә партиа ахантәаҩы Лев Шамба иазгәеиҭеит ауаа иргәалашәалар шакәу рыԥсадгьыл  аҭоурых, абзиа аиԥш ацәгьагьы.

"1937 шықәса рзы ҳажәлар даара аамҭа бааԥсқәа ирҭагылан. Аԥсны Асовет мчра аамҭақәа рзы аԥсуа интеллигенциа ааиҵагылеит, аха  ашықәс уадаҩқәа раан урҭ зегь анырхит. Ҳажәлар рзы ари хырҵәагахеит", — иҳәеит Лев Шамба.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз игәалаиршәарц арахь дааит Џьон Смыр – 1930 шықәса рзы ирӡыз Мысҭафа Смыр иԥа.

"Абарҭ ашықәсқәа ирылаӡит ҳмилаҭ иреиӷьӡақәаз. Ҳара есышықәса арахь ҳааиуеит урҭ ҳгәалаҳаршәарц", — иҳәеит иара.

Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы  Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан  быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа. 2011 шықәса, жьҭаарамзазы  Аԥсны, аҟәа иқәыргылан урҭ ргәалашәара иашьаноу абаҟа.


Ажәабжьқәа зегьы
0