Анџьныр Џьонуа Потсдамтәи имиссиа. Пицундатәи ауахәама аҭоурых аҟынтә

© Sputnik / Илона ХварцкияВалико.
Валико. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩынҩажәа шықәса раԥхьа 1975шықәса, абҵара 1азы аԥсуа дгьыл раԥхьаӡа акәны иқәҩит ауарӷан абжьы. Абри амш аҽны имҩаԥган атәыла амузыкатә ԥсҭазаараҟны адаҟьа ҿыц аазыртыз ауарӷантә музыка аконцерт.

Амузыкатә инструмент арахь аагара аҭоурых далацәажәоит анџьныр, аргылаҩ Валери Џьонуа. 70–тәи ашықәсқәа рзы иара аус иуан "Акурорт Пицунда апансионатқәа реидгыла" адиректор ихаҭыԥуаҩыс, хаҭалагьы инапы ианын ауарӷан ауахәамаҟны ақәыргылара.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik.

Ақәҵара № 116

70–тәи ашықәсқәа рзы Пицунда Асовет Еидгыла зегь аҟны реиҳа уздызыԥхьало курортны иҟалеит. 1972 шықәса рзы  ахархәарахь ирыҭан х-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа аамҭакала издызкылар зылшоз аԥсшьарҭатә хыбрақәа. Акурорт аус ауан ӡынгьы ԥхынгьы. Асовет уаа реиԥш араҟа рыԥсы ршьон аҳәаанхыҵынтәигьы.

Пицунда иара убасгьы бзиа ибаны ԥсшьара иаҭаауан ЦК КПСС аполитбиуро алахәылацәа. Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы изныкымкәа  Пицундатәи ауахәама ахыбрахь иааихьан, ирбахьан.

1974 шықәса мшаԥымза  2 рзы Акурортқәа рнапхгараҭара Азанааҭеидгылақәа рцентртә Хеилак иаднакылеит Ақәҵара № 116, Пицунда  апансионатқәа рҟны  аԥсшьаҩцәа еиҳа еиӷьны рымаҵ ауразы ауснагӡатәқәа ркомплекстә план ацҵаны. Зегьы ирхадан Пицундатәи ауахәама аиҭашьақәыргылареи уаҟа ауарӷан ақәыргылареи рзы аплан.

IX ашәышықәсазы иргылаз Пицундатәи ауахәама иареиҳа зхыҵуаз, VI ашәышықәсазы иргылаз абазилика ахыжәжәарақәа рҭыԥ аҟнакәын иахьыргылаз. Иара Октиабртәи ареволиуциа  ашьҭахь иаркын, аҭӡысахьақәа шькатурын. Аҭыԥантәи ауааԥсыра еиҭарҳәоит аамҭақәак рзы ауахәама арахә ирыҭрангьы иҟан ҳәа.

© Sputnik / Илона ХварцкияПицундский орган.
Пицундский орган. - Sputnik Аҧсны
Пицундский орган.

Акурорттә инфраструктура аизҳара иабзоурахеит ауахәама иаиуз аҩбатәи аԥсҭазаара.

"Ауахәама аҵакырадгьыл аҟны игылаз, ҩбаны еихагылаз ахыбра амузеии артистцәа рзы асасааирҭеи алырхит. Уа инхоз ауаа аҽаџьара ауадақәа рырҭеит", — ҳәа игәалаиршәоит анџьныр Џьонуа.

Иажәхьаз ахыбрақәа ықәганы ашьаҟамҩа наргеит, еиҭарҳаит аҵлақәа, аҵиаақәа.

Алада-мраҭашәаратәи аҷаԥшьаратә баахагыла сахьаркыратә салонны иҟарҵеит, алада-мрагыларатәи абаахагылаҟны иаадыртит аӡыхаақәа ахьырҭиуаз абар. Уи иахьагьы аус ауеит.

Џьонуа иажәақәа рыла ауахәама аҩныҵҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Аԥсны абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы Аусбарҭа аҟазауаа ракәын имҩаԥызгоз. Асахьаркыратә салони, асасааирҭа ахыбреи акурорт анапхгара идыргылон.

Шуке Пицундаҟа иаара

1973 шықәса анҵәамҭазы Пицунда даауеит зықәра неихьоу ауаҩы, ауахәама акустика аҭҵааразы. Ари, ауарӷанқәа ҟазҵоз, еицырдыруа  анемец фирма «Шуке» аиҳабы иакәын. «Шуке» аҭоурых Шуке аҭаацәара рҭоурых ауп. Афирма ахаҭарнакцәа ирҳәоит «абар ҩышә шықәсоуп  амузыкатә инструментқәа ркрал имаҵ аауеижьҭеи» ҳәа. Абиԥарала еимырдоз афирма адунеи зегь аҟны руарӷанқәа ықәгылоуп. Иаҳҳәап Германиа, Австриа, Италиа, Китаи, Бразилиа уҳәа у.е. рҟны.

Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
Таривердиева: Пицундатәи ауарӷан иадҳәалоуп Микаель иусура аетап ҿыц

Валери Џьонуа, 1973 шықәса рзы афирма ахада Аԥснытәи иныҟәарақәа раан дымҩаԥызгоз, иҳәоит уи ауаҩ иқәра иахьмырԥшыкәа  дшыӷәӷәаз, аусура шилшоз. Пицунда адагьы иара ибеит Аԥсны егьырҭ аҭыԥ ԥшӡарақәагьы. Даара игәаԥхеит Афон Ҿыц.

Шуке иҳәеит ауарӷан аибыҭара иалагаанӡа ауахәама акустика шгәаҭатәу. Аҩынтә раан данааз, иара ицын афирма аконструктор хада Тилльи  аиҭашьақәыргылаҩ Леваки. Урҭ иалыркааит аинструмент ахьықәыргылахаша аҭыԥ.

Иаарласны Москватәи акустика аинститут аҟынтәи Пицундаҟа иааит  аҟазауаа. Урҭ иазгәарҭеит ауахәама акустика бзиа шамоу. Дара рабжьагарала ахәаԥшцәа рзы Венгриантәи иааган асқам татақәа ԥшьышә.

Потсдамтәи амиссиа

1975 шықәса рзы Валери Џьонуа иԥхьеит Москваҟа, акурортқәа рнапхгараҭаразы азанааҭеидгыла ацентртә Хеилак ахь.

"Жәларбжьаратәи аҟәшаҟны иара анапхгаҩы Вадим Гнутиков инарҭбааны аиинструктаж сиҭеит, ГДР сцара аламҭалазы. Мчыбжьык аҩныҵҟа сара саҭаар акәын Потсдам, афирма "Шуке", Берлин — асовет хаҭарнакра. Аҭыԥ иқәысҵар акәын ауарӷан аагашьас иҟаз азҵаара",- ҳәа игәалаиршәоит анџьныр.

ГДР-ҟа иԥырра мышк шагыз Џьонуа днеиԥхьеит акурортқәа рнапхгараҭаразы азанааҭеидгыла ацентртә Хеилак ахантәаҩы Иван Козлов.

Выступление Мананы Шамба. - Sputnik Аҧсны
Манана Шамԥҳа: ҳкапелла иаанартит Пицундатәи ауарӷантә зал аконцерт

"Аилаӡарала, ауарӷан аагахоит 1975 шықәса анҵәамҭазы, иқәҳаргылараны ҳаҟоуп 1976 шықәсазы. Уара иуусуп афирма анапхгара  ауарӷан 1975 шықәса лаҵарамзанӡа аиқәыршәара рылдыршартә аҟаҵара. Урацәажәа, нас сынтәатәи ашықәс нҵәаанӡа ақәыргыларагьы ҳалгоит", — иҳәеит Козлов Џьонуеи иареи анеицәажәоз, ииҳәазгьы иациҵеит ари КПСС Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ Андреи Кириленко хаҭалатәи идҵоуп ҳәа.

"Кириленко иӡбахә уаҟа аҳәара аҭахӡам. Анемеццәа ауарӷан аагареи, ақәыргылареи урҭ рзы аҽазыҟаҵаратә усурақәеи рганахьала ирҳәо зегьы уақәшаҳаҭха. Ҳара араҟа ацхыраара уаҳҭоит". — иҳәеит Козлов.

Адырҩаҽны Џьонуа Берлинҟа дыԥрит. Х-сааҭк рышьҭахь аҳаирплан аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Дрезден итәеит.

"Амш аанҵәоны дааит Дрезден иҟаз Асовет Цҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак. Уи асовет тәылауаа иҳадигалеит Берлинынӡа афымцадәыӷба ала ицарц, избанзар амш шыбааԥсыц ибаԥсын. Ҩбаҟа сааҭ рышьҭахь Берлин сыҟан. Адәыӷба аадгыларҭа-аперрон аҟны ԥҳәыск лыбжьы саҳауеит "Пицундантәи иҟада?" ҳәа. Ари аиҭагаҩ Рита лакәын. Лара сара исԥылоз афирма "Шуке" ахаҭарнык дицын", —  ҳәа еиҭеиҳәоит Џьонуа.

Аҟазарҭаҟны

Адырҩаҽны, Валери Џьонуа афирма "Шуке" Потсдамтәи ацех дыҩнан.

"Ацех аҟны ҩынҩажәаҩык раҟара аус руан. Оумашәа избеит русурамш ашьыжь, асааҭ фба рзы иахьалагоз", — ҳәа азгәеиҭоит Џьонуа.

 Ацех актәи аихагылаҟны арҭәарҭа ыҟан, иара уаҟа еиҵырхуан атрубақәа. Аҩбатәи аихагылаҟны ауарӷан трубақәа еидырҭәаланы идырцырцыруан, идрыцқьон, ахыркәшаратә усурақәа мҩаԥыргон. Наҟ иҟан аҽа цехк, уаҟа амҿыуасҭарҭа ыҟан – аҳауаҭгагақәа  дырхион. Пицундатәи ауарӷан ахәҭақәа уи аамҭазы 40% рҟынӡа акәын иахьдырхиахьаз.

Џьонуа изы ацехқәа рыҩныҵҟа аекскурсиа мҩаԥигон афирма аконструктор хада Тилль, Шуке ихаҭа уи аамҭазы игәы бзиамызт азы Џьонуеи иареи еиқәымшәеит. Мызқәак рышьҭахь иԥсҭазаарагь далҵит. Пицундатәи ауарӷан иара изы ҵыхәтәантәи рҿиамҭахеит. Шуке ишьҭахь афирма напхгара аиҭо далагеит Тилль.

Адырҩаҽны Џьонуа дыргеит азауад ахаҭахьы, уаҟоуп аметалл иалхыз аконструкциақәа ахьдырхиоз.

"Сара избон  аҟазацәа заҟа напыцқьала рус иаҿыз – еидырҭәалаз аганқәа аус шрыдырулоз, аметалл ашәра ишаздырхиоз", — еиҭеиҳәоит иара.

Иҟаз-ианыз баны аинструмент агареи ақәыргылареи рызҵаарахь ианиас Џьонуа иҳәеит  аус мырццакымзар шыҟамло. Ауахәамаҟны архиаратә усурақәа зегьы иара дрыдгылеит. Афирма ахаҭарнакцәагьы ақәшаҳаҭхеит ԥшьба-хәба мзы заа рыҿҳәаранӡа русурақәа рхыркәшара.

"Ицоит жәаба-ҩеижәа шықәса. Ауарӷан азыӡырыҩцәа рзы зегь акоуп уи шьыбжьаанӡа иҟаҵазу шьыбжьышьҭахь иҟаҵазу. Дара рзы ихадароу абжьы ахаҭабзиароуп»-иҳәеит усҟан Тилль, Џьонуагьы уи диқәшаҳаҭхеит.

Ауарӷан инагӡаны аус адулараз ихыркәшоу рыцхәны иазырыԥхьаӡеит 1975 шықәса мшаԥымза 20. Уи аԥкаанҵаҟны иадырбеит. Аметаллтә конструкциақәа аазгоз раԥхьатәи амашьына дәықәлон хәажәкыра жәаба рзы, аҩбатәи – мшаԥымза ҩеижәа рзы. Аиқәшаҳаҭра аԥкаанҵа рнапы анаҵарыҩ ашьҭахьи ауарӷан афундамент азы ахсаалақәа аниу ашьҭахьи Џьонуа икомандировка хыркәшахеит. Берлин дырԥылеит Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи Ахәахәҭра Ахаҭарнакра аусзуҩцәеи. Убри ашьҭахь Москваҟа дхынҳәит.

© Sputnik / Илона ХварцкияПицундский орган.
Пицундский орган. - Sputnik Аҧсны
Пицундский орган.

Пицундатәи амузыкатә инструментқәа раҳ

Афирма "Шуке№ ахыдҵақәа зегьы ианаамҭаз инанагӡеит, аиқәшаҳаҭраҟны ишарбаз еиԥш. Анемец усзуҩцәа ҩымз инарзынаԥшуа Пицунда аус руан. Иаарласны ауарӷангьы аҭыԥ аҟны иқәыргылан.

Ауарӷан ықәдыргылаанӡа Москватәәи акустика аинститут аҟазауаа ауахәама  ашькатор кыдырхит акустика еиҳа еиӷьхарц азы.

"Арҭ ахаҳәқәа зцәажәозҭгьы ирҳәашаз ыҟан", — иҳәоит Џьонуа.

Аконцерттә зал аартра рацәак шагмыз Валери Џьонуа иҿаԥхьа иқәгылеит аҽа проблемакгьы.

"Азыӡырыҩрратә зал аҟны ахаҳә дашьма кылҵәаны асқамқәа рықәыргылара ҳаналага, ахаҳә ахәашара иалагеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит анџьныр.

Аҽакала ҟаҵашьа зламамыз ала аметалл иалхыз аихаӷәқәа шьҭаҵаны, убарҭ иддыркит асқамқәа рышьаҭақәа.

1975 шықәса абҵарамза акы азы аусурақәа зегьы хыркәшаны аконцерттә зал аартхеит. Раԥхьаӡа акәны Пицундатәи ауахәама иҩныҩит ауарӷан абжьы ссир. Ари аконцерт иаанартит атәыла амузыкатә ԥсҭазаараҿ иҿыцыз адаҟьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0