Ан лымш азгәарҭеит Гагра

© SputnikАн лымш азгәарҭеит Гагра
Ан лымш азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ан лымш иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҽкаан Гагра.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 2 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ан лхаҿсахьа ауп раԥхьаӡакәны ахәыҷы иныруа. Уи мгәаҭа дшыҟоу нахыс иаҳауа далагоит, иагьгәникылоит иан лыбжьы. Убраҟоуп ани ахәыҷи ирыбжьоу аимадара ахьиуа.

Гагратәи амилициа аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит

Иахьатәи ҳаамҭазы адунеи атәылақәа рҟны хшыҩзышьҭра арҭо иалагеит ан лымш. Арыцхәи амши зехьынџьара еиқәымшәаргьы, ихадароу ауааԥсыра рыларҵәара ауп.

Ус Гагра араион аҵара аҟәшеи арҵаҩцәа рзанааҭ Еидгылеи раԥшьгарала ан лымш азгәаҭан Акультура аҩны аҟны. Арахь иааԥхьан ахшара рацәа змоу анацәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҵара-ааӡаратә процесс знапы алакыу аҳәсагьы.

Ан лымш иазкыз аныҳәа инамаданы Гагра араион ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит угәы аҵанӡа инеиуа ан илызкыу ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа, акәашарақәа, иқәдыргылеит асценкақәа. Уи аҽны ахәыҷқәа зегьы рганахь иаарԥшу аџьабаазы иҭабуп ҳәа рарҳәон ранацәа, иргәыдыҳәааланы иддырбон шаҟа бзиа ирбо.

"Сара сан адунеи аҿы зегьы дреиӷьыуп, зегь раасҭа дыԥшӡоуп. Схаҿы ахаангьы исзаагом сан дҟамлар, адунеи иқәысхуа. Сыԥсы ҭаны схәыцрақәа лара илызкызаауеит", — иҳәеит аныҳәа иаҭааз ахәыҷы Алхас Агрба.

Аныҳәа иаҭааз анацәа зегьы уи аҽны ирыдыркылеит имаҷымкәа адныҳәаларақәа, рганахь иҳәан ажәа ԥхақәа.

"Иахьа арахь иааҳаԥхьеит анреи андуреи ныҟәызго аҳәса. Анра ныҟәызго, зегь реиҳа аразҟы змоу лоуп ҳәа дысԥхьаӡоит. Ишәгәаласыршәар сҭахыуп, ҳтәыла раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба аибашьра ашьҭахь иажәа иалаҵаны ишиҳәаз "Аибашьра иаиааиз анацәа роуп", — ҳәа.

Ан лоуп дзааӡаз аԥсадгьыл еиқәзырхаз аҵеи гәымшәа. Ирацәаҩуп убас анра аныҟәгара инаваргыланы абџьар шьҭыхны зашьцәа ирывагылаз.

"Сара сганахь ала анацәа зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы, шәҟәыӷаразы, шәычҳаразы", — адныҳәалара ҟаҵо иазгәеиҭеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Ан лымш Гагра араион аҟны мҽхакы ҭбаала сынтәа азгәаҭара рыбзоуроуп араион аҵара аҟәшеи арҵаҩцәа рзанааҭ Еидгылеи.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалагӡаны асценахь иааԥхьан ахшара рацәа змоу аҵара аҟәша аусзуҩцәеи, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Дара аныҳәа аиҽкааҩцәа рыхьӡала иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәеи ашәҭқәеи.

"Ажәа ан даараӡа акраҵанакуеит. Ан лзы ирацәоуп иҳәоу ажәақәа. Лара илызкыуп ҳашәҟәыҩҩцәа иреиӷьыу раԥҵамҭақәа. Абар цәаҳәақәак: "Сан сыхаара сбызгәдууп", "Сан санбызхәыцуа, схәыцрақәа зегьы имраны исзааиуеит", "Сан бара бансыцу, сара сыгәҭыхақәа зегьы наӡоит". Ажәа ан амч ду амоуп. Ан аԥсадгьыл дадкыланы дырԥхьаӡоит, лҳак ашәара цәгьоуп ҳәагьы баша иҳәам", — лҳәеит ан лроль далацәажәо араион аҵара аҟәша аспециалист хада Валентина Гыцба.

Анацәа ирзеиҿкааз аныҳәа агәахәара ду рнаҭеит, иҭабуп ҳәагьы рарҳәеит рганахь абас еиԥш агәцаракра аазырԥшыз зегьы.

Гагратәи ашколхәыҷқәа Нальчикҟа амҩа иқәлеит

"Ҳара иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, абас еиԥш аныҳәа ссир ҳзеиҿызкааз. Ан ажәа ҟәандак иадамхаргьы илаҳар, лара лзы акраҵанакуеит. Анра агәырӷьара ду ацуп, уџьабаа бзабааны иануԥыло, ухшара ауаҩра анрылҵуа, аԥсадгьыл азы иҵеи лашаны ианазгыло. Сара ԥшьҩык ахшара срануп, уажәшьҭа андурагьы снырхьеит. Анреи андуреи рыхаарақәа знырхьоу лаҳасаб ала аԥсуа ҭыԥҳацәа зегьы ирзеиӷьасшьоит ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш лаша знапы ианылараны иҟоу аҵеицәа ҳзырааӡарц", — лҳәеит арҵаҩы Светлана Ԥалба.

Иқьабз бзианы ишьҭаҵоу ан лымш ныҳәа азгәаҭара, ессааира хшыҩзышьҭра арҭалоит уи аиҽкааҩцәа.

"Ан лзы егьа ажәа ԥхақәа уҳәаргьы, егьа ус бзиа ҟауҵаргьы имцхәӡам. Аԥсны иқәынхо анацәа зегьы ирзеиӷьасшьоит еснагь дара ирықәнагоу ажәақәа раҳаларц, ргәы бзиазарц, рнапы зларкуа аусқәа рҿы аманшәалара рыцзарц", — ҳәа азгәалҭеит Гагра араион арҵаҩцәа рзанааҭ Еидгыла ахантәаҩы Марина Богаева.

Ажәабжьқәа зегьы
0