Валери Ақаҩба: Андреи Толубеев иаԥхьахә атеатр азы ихәшьароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба.
Аԥсуа драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба Санкт-Петербург, ԥхынҷкәын 7 рзы ианашьан Андреи Толубеев ихьӡ зху апремиа

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Андреи Толубеев иаԥхьахә атеатр азы ихәшьароуп, иҳәеит ҳкорреспондент диҿцәажәо Аԥсуа драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба.

"Ҵыԥх, иактиортә ҟазаразы абри апремиа ианаршьахьан Кьасоу Ҳагба. Сынтәа арежиссуразы ауп аԥхьахәқәа зыршоз. Ари иаанагоит иҳамаз ауадаҩрақәа ирхырҟьаны ҳусура ишаҳҭахыз еиԥш ишеиҿкаамызгьы ақәҿиарақәа ҳаман аҟалара ҳалҳаршеит ауп", — иҳәеит иара.

Валери Ақаҩба иҳәеит Санкт-Петербургтәи атеатрқәеи аԥсуа театри рыбжьара арҿиаратә еимадарақәа шьақәгыланы ишыҟоу.

"Санкт-Петербург ауп аус ахьауа аамҭа аҳәаақәа ирҭысуа Георги Товстаногов ихьӡ зху, Толубеев дахьыхәмаруаз, Адраматә театр ду", — иҳәеит Ақаҩба.

Андреи Толубеев иаԥхьахә атеатр зегьы азы ихәшьароуп, ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсуа драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валерии Ақаҩба.

Жәларбжьаратәи апремиа Валерии Ақаҩба ианашьахеит Аԥсуа милаҭтә театр атрадициақәа реиқәырхареи рырҿиареи иара убасгьы атеатртә ҟазараҟны аурыс-аԥсуа жәларбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәарази.

Андреи Толубеев ихьӡ зху апремиа ранаршьоит ҳаамҭазтәи атеатр, акино, адраматургиа рырҿиараҿ алагаламҭаз.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаПремия
Премия - Sputnik Аҧсны
Премия

Апремиа шьақәыргылан 2010 шықәса рзы, аҟазараҭҵааҩы Владимир Фунтусови артистка Екатерина Толубеевеи раԥшьгарала. Апремиа ранаршьахьеит абарҭ ахәышықәса ирҭагӡаны: Академиатә драматә театр маҷ асахьаркыратә напхгаҩы Лев Донин, Урыстәыла жәлар рартист Виачеслав Палунин, Урыстәыла жәлар рартистка Нина Усатова уҳәа ирацәаҩна еицырдыруа артистцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0