Ашьапылампылтә клуб "Волга" Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампылтә клуб "Волга" аҽазыҟаҵарақәа.
Ашьапылампылтә клуб Волга аҽазыҟаҵарақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нижни Новгород аҟынтәи ашьапылампылтә клуб "Волга" раԥхьаӡа акәны аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥнагоит. Ара аҟазаараан имҩаԥысит аҟәатәи акомандеи иареи реиҩызаратә матч, иааиуа аамҭақәа рызгьы имҩаԥысраны иҟоуп иакымкәа ахәмаррақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Урыстәыла ашьапылампылтә милаҭтә лига алахәыла, Нижни Новгород аҟынтәи ашьапылампылтә клуб "Волга" раԥхьаӡа акәны аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥнагоит.

Ҳкорреспондент аинтервиу иҭо "Волга" азыҟаҵаҩ Андреи Талалаев иҳәеит уаанӡа аҽазыҟаҵарақәа Шәача ақалақь аҟны шакәыз иахьымҩаԥыргоз.

"Експериментк аҳасабала иҳаӡбеит Аԥсныҟа аара. Ҳәарада иаҳҭахын асасааирҭа, аиҭашьақәыргыларатә центр, атренажиортә зал – зегьы ҭыԥк аҟны иҟазар. Аха иҟоу шыҟоу алагьы зегь ҳгәаԥхоит. Зегь рассҭа ихадоу ауаа шаҳзыҟоу ауп. Ирылшо зегь ҟарҵоит ҳарманшәаларазы", — иҳәеит Талалаев.

Урыстәылатәи аспорттә агентра анапхгаҩы Ҭимур Хынҭәба ишазгәеиҭаз ала аҳәаанырцәтәи ашьапылампылтә клуб раԥхьаӡа акәны Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.

"Еснагь иаҳҭахын Аԥсныҟа апрофессионалтә команда ҽазыҟаҵара ҳәа иаарц. Иахьа аҳәаанырцәтәи ашьапылампылтә клуб раԥхьаӡа акәны Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит. Ҳара уи даара ҳаигәырӷьоит. Агәыӷра ҳамоуп ԥхьаҟагьы асеиԥш иҟоу акомандақәа арахь иаҳзаалап ҳәа", — иазгәеиҭоит Хынҭәба.

Азыҟаҵаҩ Талалаев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит аҳҭнықалақь астадионқәа ҩба рыҟны. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 28-ҩык ашьапылампыласыҩцәа. Урҭ есыҽны ҩба-ҩба ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит.

"Ҳара зынӡа ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп 40 ҽазыҟаҵаратә мшы. Аԥснытәи ҳҽазыҟаҵарақәа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа имҩаԥаагоит. Актәи аҽазыҟаҵара ашьыжь имҩаԥаагоит. Уи атехникеи, атактикеи ирызкуп, сааҭки бжаки ҩ-сааҭк рҟынӡа аамҭа агоит. Аҩбатәи – ахәылбыҽха имҩаԥаагоит", — иҳәеит Талалаев.

Ашьапылампылтә клуб "Волга" Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит ажьырныҳәа 28 рҟынӡа. Ара иҟанаҵ акомандеи аԥснытәи акоманда "Нарҭи" аиҩызаратә матч еицымҩаԥыргеит. Ахаша, ажьырныҳәа 23 рзы "Волгеи" хабаровтәи аклуб "СКА-Енергиеи" еицыхәмарраны иҟоуп. Ахаша, ажьырныҳәа 27 рзы – ермантәылатәи аклуб "Арарат" иацыхәмаруеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0