Арендла ирырҭо аӡҭаларҭақәа зегьы рхы иадырхәалар алшоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәара.
Аҟәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурортқәеи атуризми рзы аминистрра анаплакыҩцәа арендла ирырҭалоит аӡҭаларҭақәа.

АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥсны ақалақьтә ӡҭаларҭақәа атәыла асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи зегьы рхы иадырхәалоит, зыхәԥса ршәо аӡҭаларазы асервис заҵәык ауп, иҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Аԥсны аӡҭаларҭатә зонақәа иахьатәи аамҭазы угәы рықәукыртә рҭагылазаашьа ыҟам. Аҳәынҭқарра макьаназы иалшом урҭ ишахәҭоу еиԥш рҭыԥ ақәҵара. Абри инадҳәаланы иазаҳаӡбеит анаплакыҩцәа арендла ираҳҭаларц, убри аан дара ируалԥшьоуп аԥсшьаразы иаҭахны иҟоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара", — иҳәеит Ахба.

Иара иажәақәа рыла анаплакыҩцәа ируалуп аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа ишьақәдыргыло аԥҟаррақәа рықәныҟәара, аӡҭаларҭақәа иахьрыҵаркуа арыцқьара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит арҭ ауснагӡатәқәа аԥсшьара ашәарҭадареи аманшәалареи ирзырхоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0