Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызкы иалагӡаны, атехникатә хархәагақәа – алазертә приборқәа, арадиолакациатә станциақәа СБР-3, ҳаамҭазтәи ацифратә еимадаратә хахәага "Грот-М" реиӷьтәразы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал арратә дәы аҿы мызктәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.

Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Урыстәыла аладатәи арратә Округ изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь 250-ҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи 50 цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, акәылӡтранспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы ԥшыхәратә машьына "Дозор", акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, “Мустанг”.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Мызкы иалагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаҧыргон. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгараан, ахархәара роуит арратә машьынақәа БТР-82АМ, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", ахыҧсаҟьагақәа “Печенег”, автоматқәа АК-74, иара убас, 250 напылатә гранатақәа.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Ажәабжьқәа зегьы
0