Ахарадҵаҩ аҳәара ҟалҵеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иԥсҭазаара ашәарҭа аҭаргылара аус азы аӡбаратә еилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иԥсҭазаара ашәарҭа аҭаргылара аус азы аӡбаратә еилатәараҟны Аԥсны Апрокуратура хада аҳәынҭқарратә ахарадҵаҩ Мимоза Ҵышәԥҳа ахарадҵаратә жәахә ҟалҵеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада аофициалтә саит.

Суд. - Sputnik Аҧсны
Анқәаб ишьразы аҽазышәара иазку аӡбаратә зыӡыҩррақәа аамҭала аанкылоуп

Ахарадҵаҩ аҳәара ҟалҵон Александр Анқәаб иԥсҭазаара ашәарҭа иҭадыргылон ҳәа ишьаны рыԥсахьынӡаҭоу аҭакра рықәҵазарц Алхас Хәытаба, Рамзи Ҳашыг, Асҭамыр Хәытаба, Ҭамаз Барцыц 11 шықәса аҭакра иқәҵазарц, Едгари Едлари Ҷыҭанаа 20-20 шықәса рықәҵазарц, Анзор Быҭәба 20 шықәса иқәҵазарц ацәгьоура ахьеиҿикааз инамаданы.

Мимоза Ҵышәԥҳа иара убасгьы аҳәара ҟалҵеит Русҭан Гыцба 16 шықәса иқәҵазарц Пицунда уаанӡатәи Ахада Беслан Арӡынба иԥсҭазаара иалхәдаатәра иҽахьазишәаз азы, Мурҭаз Сақаниа 8 шықәса иқәҵазарц.

Апрокурор аҳәара ҟалҵеит ахара зду Алмасбеи Қчач иганахьала ашьаус аанкылазарц иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

2005-2012 шш. рзы Александр Анқәаб фынтә иқәлахьан иԥсҭазаара далхәыдартәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0