Алхрақәа рлахәылацәа ҭаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, хәажәкыра 24 рзы ареспублика аҳҭнықалақьи араионқәеи рҟны алхратә комиссиақәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра хдыркәшеит.

АҞӘА, хәажәкыра 25 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥшьаша, хәажәкыра 24 рзы ареспублика аҳҭнықалақьи араионқәеи рҟны алхратә комиссиақәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра хдыркәшеит.

Аҟәатәи алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Мадонна Кәыҵниаԥҳа ҳкорреспондент длыҿцәажәо иазгәалҭеит аԥшьгаратә гәыԥқәеи аиҿкаарақәеи иқәдыргылаз акандидатцәа 88-ҩык шыҟоу.

"Урҭ рҟынтәи хҩык мап ацәыркит ақәгылара, аӡәы иахәҭаны иҟаз адокументқәа ааимгеит. Иацы имҩаԥысит ақалақьтә алхратә комиссиа аилатәара. Иара иҭанаҩит 84-ҩык адепутатрахь акандидатцәа", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

"Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа рзы" Азакәан инақәыршәаны ареспублика араионқәа зегь рҟны ихдыркәшеит акандидатцәа рҭаҩра.

Гәылрыԥшь араион алхратә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сусанна Триандафилиди лажәақәа рыла араион аҟны иқәгылоуп акандидатцәа 22-ҩык, 15 ҭыԥ ыҟоуп. Акандидатцәа рҟынтәи 4-ҩык ҳәсақәоуп.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Бганба: аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рзинқәа ҳарҭбааит

Акандидатцәа рсиақәа алхратә ҭыԥқәа рҟны икыдуп. Иахьа инаркны агитациа алагара алшоит, лҳәеит Гәылрыԥшь араион алхратә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.

Алхратә округқәа адепутатрахь акандидат дҭарыҩуеит иара аусура шилшо, анаркодиспансери аԥсихоневрологиатә диспансери рҟны дышҭаҩым, дышҭарымкыц анеилкаахалак ашьҭахь", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа

Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла акандидатцәа рхала ирыӡбоит иарбан округу рхы ахьықәдыргыло.

Аизарахь акандидат иалхразы хәҩык иреиҵамкәа злахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥҵан. Агәыԥ алхратә еилакы аҟны ашәҟәҭаҩра иахрыжьуан.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2016 шықәса мшаԥымза 3 рзы. Аҟәа иаԥҵахоит 26 алхратә округ.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2016 шықәса жәабранмзазы, аха Рауль Ҳаџьымба иажәалагалала мшаԥымзахь ииаган. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә округқәа рахь аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥысит 2011 шықәса жәабран 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0