Аклуб "Динамо-Сухум" Дагамыси Ставрополи имҩаԥысуаз атурнир иалахәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыл асразы аклуб "Динамо-Сухум".
Ашьапылампыл асразы аклуб Динамо-Сухум. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамза 24 инаркны 30-нӡа Дагамысыи Ставрополи ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуан 2004-2008 ашықәсқәа рзы ииз ахәыҷқәа злахәыз ашьапылампыл асразы атурнир.

АҞӘА,мшаԥымза 6 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Хәажәкырамза 24 инаркны 30-нӡа Дагамыси Ставрополи ақалақьқәа рҟны имҩаԥысуан ашьапылампыл асразы атурнир, уи иалахәын 2004-2008 ашықәсқәа рзы ииз ашьапылампыл асразы аклуб "Динамо-Сухум" ааӡамҭацәа.

Урыстәыла зҽаԥсазҭәыз азыҟаҵаҩ  Валентин Бубукин игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз аабатәи Жәларбажьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә ашьапылампыл асразы атурнир иалахәын, 2008 шықәсазы ииз ахәыҷтәы-қәыԥштә "Сухум-Динамо" акоманда ашьапылампыл асыҩцәа.

"Дагамыс имҩаԥысуаз атурнир иалахәыз ашьапылампыл асыҩцәа иааныркалеит ахԥатәи аҭыԥ, афинал аҟынӡа инаӡеит, аха 2:0 ҳәа ирыҵахеит Москватәи акоманда "Лужники-1". Ахәмарраҿы иалкаан, иреиӷьу амба ахьчаҩ Тигран Манукиан, иреиӷьу ахәмарҩы Леон Кәарцхьиа, ҳәа иҳәеит ашьапылампылтә аклуб "Динамо-Сухум" анапхгаҩы Асҭамыр Адлеиба.

"Ҳкоманда ахәмарҩцәа ибзианы иазыҟаҵан, аха афинал аҟны маҷк иаҳзымхеит аманшәалара, ҳзыцыхәмаруаз акомандагьы ӷәӷәан, уеизгьы ахәмарра аҟнытә аԥышәа ҳауит", — ҳәа иҳәеит ашьапылампыл асҩы Нарсоу Арӡынба.

Иара убри аамҭазы Ставрополь ақалақь аҟны имҩаԥысуан, Урыстәыла Афырхаҵа Владимир Духин игәаларшәара аҳаҭыраз Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы ашьапылампыл асразы атурнир.  

"Ари атурнир иалахәын 2004 шықәсазы ииз ашьапылампыл асыҩцәа, дара рыхәмарра алҵшәақәа рыла аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит, иалкаан иреиӷьу ахәмарҩы Леон Кәарцхьиа, иреиӷьу ажәылаҩ – Арсенти Чалигава", — ҳәа ациҵеит Адлеиба.

Асҭамыр Адлеиба иажәақәа рыла, ашьапылампыл асыҩцәа даара агәырҵҟәыл бзиа змоу, ашьапылампыл бзиа избо, авагылара зҭаху, изныкымкәа ҳаҭырла атурнирқәа рҟны Аԥсны ахьыӡ ҭызгахьо хәыҷқәоуп.

Ашьапылампылтә аклуб "Динамо-Сухум" 2004 шықәсазы ииз ркоманда аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, 2008 шықәсазы ииз ахԥатәи аҭыԥ.

 


Ажәабжьқәа зегьы
0