Аиааира апарад Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАиааира апарад.
Аиааира апарад. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи агарнизон ари, Урыстәылатәи арратә база ари, акциа "Ԥсра зқәым аполк" алахәылацәеи, амаланыҟәаеиԥхнырҩлара "Аиааираз иҭабуп" алахәылацәеи диоскураа рыԥшаҳәа иқәсит иахьа.

Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит Аиааира дуӡӡа 71 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә парад.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи агарнизон ари, Урыстәылатәи арратә база ари, акциа "Ԥсра зқәым аполк" алахәылацәеи, амаланыҟәаеиԥхныҩлара "Аиааираз иҭабуп" алахәылацәеи диоскураа рыԥшаҳәа иқәсит иахьа. Аруаа аԥхьа игыланы инеиуан шьаҿеиқәшәала, урҭ ирышьҭагылан инеиуан зыуа-зҭынхара аибашьра иалахәыз Аԥсны атәылауаа, урҭ рфотосахьақәа аанкыланы. Иара убасгьы апарад иалахәын Аԥсны адесантникцәеи карате кекусинкаи Афедерациеи еиҿыркааз акциа "Агәалашәара ашьаҿа" алахәылацәа.

Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ишьҭарҵон ашәҭшьыҵәрақәа. Араҟа имҩаԥысит агәалашәаратә митинггьы.

Аибашьра аветеран Алексеи Тамбиа иԥҳаи имоҭеи ифотосахьа рыманы арахь иааит.

Имоҭа Амра илҳәоит:

— Сабду, Тамбиа Алексеи Михаил-иԥа д-леитинантын, Аеҵәа ҟаԥшь аорден ианашьан. Кенигсбергынӡа днаӡеит.

Аветеран иԥҳа Валентина иацылҵоит:

— Саб Кенигсберг дхәын. Нас уаҟа комендантс дыҟан.

- Шәаныхәыҷқәаз аибашьра аӡбахә ала шәиазҵаалозу?

— Аибашьра алацәажәара даарак бзиа ибомызт.

— Кенигсберг ауп сандуи иареи ахьеибабаз – лҳәоит Амра.

Мамука апарад ахь дааит иԥшәмаԥҳәыси иареи рхәыҷқәа рыцны. Ари аныҳәа сара сзы аҵак ду амоуп иҳәоит иара.

— Сара Асовет Еидгылаҿ сиит. Ҳара ари амш ныҳәаԥшьаны ҳахәаԥшуан. Аиааира ҳзаазгаз зегьы ргәалашәара иахьагьы иҳацуп.

- Шәгәы ишԥаанаго, ахәыҷқәа аибашьра аҭоурых рдыруазар аума?

— Аҩнаҭаҟынгьы ашкол аҟынгьы ирзеиҭаҳәалатәуп. Рабдуцәа рхаҵара хымԥада иалаҽхәалароуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукПарад Победы.
Парад Победы. - Sputnik Аҧсны
Парад Победы.

Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа игылоуп ҩ-еибашьрак рветеранцәа: Ваграм Калаиџьиани Закан Нанбеи.

— Ҳара аибашьра дуӡӡа алахәылацәа рԥышәа аагон, ҳарҿыԥшуан Аԥсны аибашьра ианалагаз. Угәы унархьуеит даргьы ҳаргьы афашизм инагӡаны иқәаагеит, иҿаԥаҳҽит ҳәа ахьаҳзымҳәо. Сара исҭахуп зегьы Аиааира Ду рыдысныҳәалар — иҳәоит Закан Нанба.

1941-1945 шықәсқәа рзы 55 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра аибашьра ицеит. Урҭ рахьтә изымхынҳәит 17 нызқьҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0