"Амассатә информациа ахархәагақәа рзы" азакәан аԥсахрақәа алагаларазы апроект адгылара арҭеит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАзакәан ахь аԥсахрақәа алагалоуп.
Азакәан ахь аԥсахрақәа алагалоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала адгылара арҭеит "Амассатә информациа ахархәагақәа рзы" ҳәа Аԥсны азакәан аԥсахрақәа алагаларазы азакәан апроект.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik, Роберт Џьапуа. "Амассатә информациа ахархәагақәа рзы" ҳәа Аԥсны азакәан аԥсахрақәа алагаларазы азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аиустициа аминистрраҟны аҳатә ҭыжьымҭақәа рҭаҩра.

Адепутат Левон Галустиан иажәақәа рыла иахьа аус зуа анормативтә акт, 12 шықәса раԥхьа ирыдыркылаз, ҳаамҭа иақәшәо иҟам.

"Абарҭ ашықәсқәа рыла ицәырҵит аус зуа азакәан аԥсахрақәа ралагалара аҭахра. Иаҳҳәап иара аҳатә ҭыжьымҭақәа рҭаҩра аҵанакуам. Арахь иахьа, аинформациатә ресурсқәа рцәырҵраан, аинтернет аҟазаараан урҭ Аиустициа аминистрраҟны ҭаҩрада инхоит. Усеиԥш ҟалашьа амамзароуп", — иҳәеит Галустиан.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵуа ишалагаз асаитқәа, хықәкыла Аԥсны иазкны ииашам аинформациа рылазырҵәо.

Апарламент аҟны иҟоу атәыла Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иакәзаргьы иҳәеит аус зуа азакәан ажәит, еиҭактәуп ҳәа.

"Азакәан инақәыршәаны Аиустициа аминистрраҟны аҭаҩра иахымсуа Аинформациатә хархәагақәа Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа русура аанкылахароуп", — иҳәеит иара.

Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала адгылара арҭеит "Амассатә информациа ахархәагақәа рзы", ҳәа Аԥсны азакәан аԥсахрақәа алагаларазы азакәан апроект.

Ажәабжьқәа зегьы
0