Аԥыза-министр ҿыц даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Барцыц Артур Амқәаб диԥсахит
Беслан Барцыц Артур Амқәаб диԥсахит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Барцыц Артур Амқәаб диԥсахит. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Адҵа инапы аҵеиҩит Беслан Барцыц Аԥсны Аԥыза-министрс дҟаҵазарц азы.

АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik, Бадра Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Адҵа инапы аҵеиҩит Беслан Барцыц Аԥсны Аԥыза-министрс дҟаҵазарц азы.

"Адҵа снапы аҵазҩит Беслан Барцыц Аԥсны Аԥыза-министрс дҟаҵазарц азы", — иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Ари аҭыԥаҿы ауаа лассы-лассы рыԥсахра атәы далацәажәо иара иазгәеиҭеит аусура хра аманы иҟалаанӡа усеиԥш шакәхо.

Беслан Барцыц иакәзар ирҭаз агәрагаразы ҭабуп иҳәеит, иазгәеиҭеит ҭакԥхықәрала аусураан зегьы уриааир шалшо.

Атәыла Ахада иҳәеит аамҭакьаҿк иалагӡаны Аминистрцәа Реилазаара ҿыц шеиҿкаатәу.

Беслан Барцыц диит ԥхынгәы 22 1978 шықәса рзы Гагра ақалақь аҟны.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет доушьҭымҭоуп.

2007 – 2009 шықәсқәа рзы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩыс аус иуан.

2012 шықәса рзы — Аԥсны Жәлар реизара дадепутатуп.

2014 шықәса рзы – Гагра араион Ахадас даҭоуп.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥацәа драбуп.

Лаҵарамза 16 2016 шықәса инаркны Беслан Барцыц Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс аус иуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0