Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи 15 миллиард рҟынӡа аԥара рзоужьхар ҟалоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы Урыстәыла Афинансқәа рминистрраҟны иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны азы 4 миллиард мааҭи Аахыҵ Уаԥстәылазы 3 миллиард мааҭи аԥара.

АҞӘА, цәыббра 14— Sputnik. Урыстәыла 2019 шықәса рҟынӡа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи 15 миллиард рҟынӡа аԥара рзоунажьыр ҟалоит. Абри атәы азгәаҭоуп аминистрра асаит аҟны.

Афинансқәа рминистрра ашәҟәы апункт "Аҳәынҭқарратә программа "Адәныҟаполитикатә усура" аҟны иарбоуп: "2017 шықәса рзы Урыстәыла Афинансқәа рминистрраҟны иазыԥхьагәаҭоуп 2017-2019 шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиаразы 4,6 миллиард мааҭ аԥара азоужьра, Аахыҵ Уаԥстәыла асоциал-економикатә рҿиаразы 3 миллиард аԥара азоужьра. Аинвестициатә усура Аԥсны адгыларазы 4 миллиард мааҭи аинвестициатә усура Аахыҵ Уаԥстәыла адгыларазы 3 миллиард мааҭ аԥареи азыԥхьагәаҭоуп 2017 шықәса рзы", ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0