30 000 тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа реизгара рыгәҭакуп

© Sputnik / Томас Тхайцук30 000 тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа реизгара рыгәҭакуп
30 000 тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа реизгара рыгәҭакуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ишаԥҵахо аусутә гәыԥқәа ареспубликаҟны иззыԥшу ацитрустә аалых ахышәа-ҵышәа аилкааразы.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳаззыԥшым ԥсабаратә рыцҳарак ҟамлар, 2016 шықәса рзы ацитрус ҽаҩра 30 000 тонна рҟынӡа инаӡап ҳәа ҳазыԥшуп иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур.

"2015 шықәса аихшьаалақәа рыла аҳәынҭқарратә сектор аҟны еизган 3 700 тонна ашәыр, ахатә секторқәа рҿы – 26 000 тонна. Сынтәа еиҳау аҽаҩра ҳазыԥшуп", — иҳәеит Ҭарба.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит ишаԥҵахо аусутә гәыԥқәа ареспубликаҟны иззыԥшу ацитрустә аалых ахышәа-ҵышәа аилкааразы. Аусутә гәыԥқәа хԥа ареспублика араионқәа рахь ишьҭхоит, урҭ русура иалҵшәахоит еиҳа иныҭкааны иҟалараны иҟоу аҽаҩра ашьақәыргылара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ареспубликаҟны 6 000 гектар ацитрустә баҳчақәа ыҟазар, иахьа – 1 200 гектар роуп иаанханы иҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0