Бжьаниа: атәыла Ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵараны иҟоуп аоппозициаа

© Sputnik Томас ТхайцукАфонд АԤРА аиҳабы Аслан Бжьаниа
Афонд АԤРА аиҳабы Аслан Бжьаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ареспубликаҟны акыр иуадаҩуп, ҳәа азиҳәеит Афонд АԤРА аиҳабы Аслан Бжьаниа.

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Атәыла Ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵараны иҟоуп аоппозициаа ҳәа жьҭаара 24 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Афонд АԤРА аиҳабы Аслан Бжьаниа.

Ауаажәлар рԥыларақәа мҩаԥысраны иҟоуп ареспублика араионқәа рҟны, нас аҳҭнықалақь аҟны.

"Иааиуа ҩымчыбжь-хымчыбжь рыла аиԥыларақәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп. Аҩаша Гәдоуҭа араион аҟны иҟалоит ауааԥсыра рԥылара, ахәаша – Очамчыра араион аҟны. Нас иаҳгәиҭоуп Аҟәа ақалақь аҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Уахь инаԥхьахоит Аблок иалоу аиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи рхаҭарнакцәа рыдагьы иахьа имҩаԥысуа згәы амырҭынчуа зегьы. Ҳара иҳагәҭакуп атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба аӡбра идикыларц иаамҭа ааиаанӡа инапынҵақәа рышьҭаҵаразы", — иҳәеит Бжьаниа.

Афонд АԤРА аиҳабы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шәарҭаны иҟоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит. Усеиԥш иҟазҵазгьы ареспублика иахьатәи анапхгара роуп ҳәа ишьоит.

"Амилаҭтә шәарҭадара ахықә ахь инагоуп. Абри атәы ҳаԥсҭазаара аспектқәа зегьы ирҳәоит. Аиҳарак азинхьчаратә органқәа русура, аӡбаратә система аусура агәҭынчымра урҭоит. Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом", — иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа ажурналистцәа данырԥылоз иазгәеиҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Леонид Ӡаԥшьба иусура ҽыԥныҳәа мацароуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0