Актәи аҭыԥ иаԥсахеит Гагратәи ашколхәычқәа арра спорттә хәмарра "Аиааираҿы"

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАктәи аҭыԥ иаԥсахеит Гагратәи ашколхәычқәа арра спорттә хәмарра "Аиааираҿы"
Актәи аҭыԥ иаԥсахеит Гагратәи ашколхәычқәа арра спорттә хәмарра Аиааираҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актәи аҭыԥ ааннакылеит Гагратәи еизгоу акоманда ареспубликатә арратә спорттә хәмарра "Аиааира" аҟны.

ГАГРА, абҵарамза 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 12-тәи арра — спорттә хәмарра "Аиааираҟны" Гагратәи ашколхәыҷқәа иргаз аԥхьахә рыдырныҳәалеит Гагра араион аҵара аҟәшаҟны.

"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәымч еибыҭаны иахьшәылшәыршаз аиааира агара. Шәара аӡәи –аӡәи шәеидымгылар алҵшәа бзиа шәзаарԥшомызт. Ишәыдысныҳәалоит актәи аҭыԥ ахьыжәгаз, шәымҩа бзиазааит, шәусқәа маншәалахааит. Азыҟаҵаҩцәа шәахьгьы схы рханы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абас еиԥш апатриотизми аспорти абзиабара рылааӡаны аҿар ахьеидышәкылаз, акоманда ӷәӷәақәа иахьраԥыжәгаз", — лҳәеит, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мадина Ажьиба.

Арратә-спорт азыҟаҵаҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи аицлабра алахәреи рҿы ацхыраара рызҭаз зегьы.

"Бжьышықәса ҵуеит Гагра араион ареспубликатә арра-спорттә хәмарра "Аиааира" аҟны актәии аҩбатәии аҭыԥқәа ирыԥсахоижьҭеи. 2012 шықәсазы ҳара ҳашколхәыҷқәа иааныркылеит актәи аҭыԥ, ҵыԥх ироуз азыҟаҵареи ацхыраареи ирылҵшәахеит аиааира ҿыцгьы, иара убас сынтәагьы. Арра-спорттә хәмарра азыҟаҵаҩцәа зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ацхыраареи авагылареи ҳазҭаз", — ҳәа азгәеиҭеит Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара арҵаҩы Степан Пахлиан.

Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" алахәцәа ракәзар, иазгәарҭеит актәи аҭыԥ агара шымариамыз, аха уеизгьы рымч еизганы ирылшеит алҵшәа бзиа аарԥшра. Ахәыҷқәа еицлабуан ацәаҳәа ақәсреи аҩреи аԥареи аҽышьҭхреи аграната аршәреи автомат аимыхреи аибыҭареи уҳәа рыла.

"Ҳара ҳраион ахьӡ ҳмырԥхашьеит. Хымԥада иуадаҩын аиааира агара, аха ҵыԥхтәи алҵшәа ҳацәхьаҵыр ҳҭахымызт, убри аҟнытә, иҳалшаз зегь ҟаҳҵеит иаҳзааԥсаз раҳаҭыр азы", — рҳәеит акоманда алахәцәа.

Аицлабра алахәцәа Гагра араион аҵара аҟәша ахьӡала иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәа.

Актәи аҭыԥ иаԥсахаз, Гагратәи еизгоу акоманда алахәцәа иреиуоуп: Родион Ҳаразиа, Мураҭ Ԥалба, Георги Кешабиан, Андроник Депелиан, Валери Мелкониан, Давид Чаталашвили, Артиом Устиан, Иана Еныкь, Анжик Тозлиан, Салима Ԥалба. Ашколхәыҷқәа арра-спорттә хәмарра иазыҟарҵеит Степан Пахлиан, Махаз Ешба, Ншан Каленџьиан, Артур Ексузиан, Роман Кьетиа, Арарат Бадалов.

Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи реиҿкаареи рҿы ацхыраара ҟаиҵеит Гагра араион аҵара аҟәша алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵаразы аспециалист хада Гамлет Елбакиан.

Ажәабжьқәа зегьы
0