Гагратәи ансамбль "Нарҭ" Санкт-Петербург актәи аҭыԥ иаԥсахеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАнсамбль "Нарҭ" Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахеит
Ансамбль Нарҭ Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи акәашаратә ансамбль "Нарҭ" Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахеит.

ГАГРА, абҵарамза 16 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи акәашаратә ансамбль "Нарҭ" Санкт-Петербург имҩаԥысуаз есышықәсатәи Урыстәылазегьтәи аҟазаратә фестиваль-конкурс "Без границ" аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахеит.

Ансамбль "Нарҭ" еиҿкаауп, Гагратәи абжьаратә школ №2 аҟны, аҵара аҟәша амчала. Уи шьақәгылоуп амилаҭ еилаԥсала.

Ленинградтәи аобласт акультура акомитет ацхыраарала, есышықәса имҩаԥысуа афестиваль-конкурс "Без границ" ансамбль "Нарҭ" алахуижьҭеи хышықәса ҵуеит.

"Раԥхьа ҳколлектив Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль-конкурс иалахәын хышықәса раԥхьа, усҟан ҳара ахԥатәи аҭыԥ ауп иҳаҭәаршьаз. Аиашазы, уи аамҭазы ансамбль шьақәгылеижьҭеи хымз заҵәык ракәын иҵуаз, аԥышәагьы ҳамамызт. Ҵыԥхтәи ашықәс азы ансамбль "Нарҭ" аԥсахеит актәи аҭыԥ, сынтәагьы убас. Агәра згоит, ҩаԥхьа ари аҩаӡара ҳшацәхьамҵуа", — иҳәеит ансамбль "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Асҭамыр Малиа.

Афестиваль-конкурс иалахәын 40 инарзынаԥшуа акәашаратә коллективқәа. Аԥснытәи артистцәа инарыгӡаз "аԥсуа агәырӷьаратә кәашареи" "Аиааира кәашареи" ахәаԥшцәа ирыдыркылеит имеихсыӷьуаз напеинҟьарыла.

Афестиваль адиректор Ольга Михеева лажәақәа рыла, ианакәызаалак, Аԥснытәи акәашацәеи ашәаҳәацәеи араҟа ҷыдала ирыдыркылоит.

© Sputnik / Саида Жьиԥҳаансамбль "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Асҭамыр Малиа
ансамбль Нарҭ асахьаркыратә напхгаҩы Асҭамыр Малиа - Sputnik Аҧсны
ансамбль "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Асҭамыр Малиа

"Ҳара еснагь ари аҟазаратә усеиҿкаара иадҳаԥхьалоит Аԥснытәи артистцәа. Дара рықәгылара ҳауаажәлар ҳамҭа дук еиԥш ирыдыркылоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Афестиваль-конкурс алҵшәақәа рыла Гагратәи ансамбль "Нарҭ" ҩаԥхьа актәи аҭыԥ иаԥсахеит. Артистцәа иранашьан адипломқәеи ахраҿеи.

Ансамбль "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Асҭамыр Малиеи акәашацәеи иҭабуп ҳәа рарҳәоит, афестиваль-конкурс алахәразы ацхыраареи авагылареи рызҭаз Гагра араион Ахадареи, аҵара аҟәшеи, ҷыдала Беслан Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0