Америкатәи АИХ ԥсымыцқьарыла алхрақәа ирылацәажәон

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмерикатәи АИХ ԥсымыцқьарыла алхрақәа ирылацәажәон
Америкатәи АИХ ԥсымыцқьарыла алхрақәа ирылацәажәон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Sputnik. Агәаанагара" иҟанаҵаз азҵаарақәа инарықәыршәаны америкаа реиҳараҩык (80%) ирыԥхьаӡоит Америка апрезидент иалхраан америкатәи АИХ (СМИ) акандидатцәа руаӡәк иганахьала алхрақәа ииашамкәа, ԥсымыцқьарыла ирыхцәажәон ҳәа.

АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. 59% ирыԥхьаӡоит амилаҭтә АИХ (СМИ) реиԥш ахатә АИХ (СМИ) рҟынгьы аобиективра ыҟамызт ҳәа. Аинформациатә маҵзуеи арадиои Sputnik иҟанаҵаз аҳәарала азҵаараҟаҵара мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилахәыра TNS UK. АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik.

Америка атәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә 16% ирҳәеит АИХ (СМИ) акандидатцәа руаӡәк иахь иадырцәылон ҳәа, аха убри аан ахатәы АИХ (СМИ) обиективқәан ҳәа ирыԥхьаӡоит. 5% иазырыԥхьаӡоит ахатәы АИХ (СМИ) роуп ииашамкәа алхрақәа рымҩаԥысшьа аазырԥшуаз ҳәа. 20% иршьоит акандидатцәа рҩыџьагь рзы еиҟараны аинформациа ыҟан ҳәа.

© SputnikАмерикатәи АИХ ԥсымыцқьарыла алхрақәа ирылацәажәон
Америкатәи АИХ ԥсымыцқьарыла алхрақәа ирылацәажәон - Sputnik Аҧсны
Америкатәи АИХ ԥсымыцқьарыла алхрақәа ирылацәажәон

Аинформациатә маҵзуеи арадиои Sputnik иҟанаҵаз аҳәарала азҵаараҟаҵара мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилахәыра TNS UK 2016 шықәса абҵара 3 инаркны 7 рҟынӡа. Азҵаарақәа ирылахәын 1012 ареспондентцәа, 18-64 шықәса ирыбжьанакыз.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" азҵаараҭара лассы-лассы имҩаԥнагоит: Британиа ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, Франциа рҟны – еиуеиԥшым асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы. Изызҵаауа еихыршоит шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа.

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0