Кәыҵниаԥҳа: аԥсуа бызшәа аҿиаразы Афонд аԥыхуп

© Sputnik Анжелика Бенияаԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә Фонд аусзуҩцәа русура аихшьаалара азыруит
аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә Фонд аусзуҩцәа русура аихшьаалара азыруит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2001 шықәса рзы еиҿкааз аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә Фонд аусзуҩцәа русура аихшьаалара азыруит.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә Фонд еиҭеиҿкаарам иазуу, Афонд аԥыхуп лҳәеит апресс-конференциаҟны Афонд уаанӡатәи адиректор Гәында Кәыҵниаԥҳа.

"Афонд аусура аанкылоуп, иаԥыхуп. Ҳара ҳгәы иаанагон Афонд зхатәы биуџьет змоу, апрограммақәеи апроектқәеи еиҿызкаауа ҟәшаны ҿыц иаԥҵоу Аилак иалалоит ҳәа, аха иара аԥсахратә еиҭеиҿкаара акәымкәа зынӡа иаԥырхит", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Афонд алагалоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аилак. Афонд х-ҟәшак алхуп.

"Афонд, ҩыџьа-ҩыџьа аҟазауаа злахәу х-ҟәшак алырхит: ахәыҷтәы литература аҟәша, аиҭагара аҟәша, арҵагатә литература аҟәша", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

"Ахәыҷтәы сахьаркыратә литература аҟәшаҿы ҩыџьа заҵәык аус руа изыҟалом, избанзар апроектқәа ирылахәуп аметодистцәа, авторцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аредакторцәа. Иахьазы ҳаиҿкаара зынӡаск иҟам акакәны иҟалеит – ахьӡ ыҟам, аԥҟаԥҵәа ыҟам, аԥҟара ыҟам. Ҳусура акәзар иаанкылоуп. Ишызбо ала аус зуаз аорган ааԥыхны иаԥҵоуп ахылаԥшратә орган. Афонд инанагӡоз аусура: афильмқәа рдублиаж, аметодикақәа аус рыдулара, рҭыжьра, арҵагашәҟәқәа разырхиареи рҭыжьреи уҳәа ҟазҵо ҳәа иҟада?", — дҵаауеит Афонд уаанӡатәи адиректор.

Аусеицура аҽа формақәак азыԥшаатәын, аус иаԥырхагамхашаз ҳәа азгәалҭоит лара.

"2017 шықәсазы иҟаҳҵаша зегьы аплан шьақәыргылан иҟан. Аилак ҳбиуџьет ахахьы иагозар, афонд ыҟоу иҟаму иахьмырԥшыкәа апроектқәа зегьы нагӡатәуп. Абар ҩымз ҵуеит ус ҟаҳамҵеижьҭеи. Ҳареи аҭыжьырҭақәеи, асахьаҭыхыҩцәеи уҳәа ҳусураҿ зыда ԥсыхәа ыҟамыз аиҿкаарақәеи ауааи ҳабжьара аилаӡарақәа ҟаҳҵахьеит. Урҭ нагӡатәуп. Иахьазы иҟаҳҵара ҳәа акгьы еилкааны иҳамам", — лҳәеит Гәында Кәыҵниаԥҳа.

2001 — 2003 шықәсқәа рзы Афонд напхгара алҭон Ҭали Џьапуаԥҳа, нас – Арда Ашәба. 2005 шықәса раахыс Афонд дахагылан Гәында Кәыҵниаԥҳа. Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә Фонд аԥсуа бызшәазы аметодикатә литература азырхиареи аҭыжьреи, ахәыҷтәы сахьаркыратә литературеи ажәарқәеи разырхиареи рҭыжьреи мҩаԥнагон. Азхьаԥшра ду анаҭон аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора аԥсшәа дырҵара аметодика, иазыҟарҵон урҭ аҵара дзырҵаша. Раԥхьаӡа акәны Афонд амчала иҭыжьын аҭырқәа-аԥсуа жәар.

Ажәабжьқәа зегьы
0