Нижни Новгород иҟоу Аԥсны Аконсул: аихамҩатә еимадара еиҿкаатәуп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааихамҩа
аихамҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нижни Новгород иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә Консул Владимир Литвинчук Sputnik иазеиҭеиҳәеит адәыӷбатә маршрут Нижни Новгород – Аҟәанӡа ироузар акыр ибзиахон ҳәа.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Нижни Новгороди аихамҩатә еимадара рымазароуп? иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Нижни Новгород иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә Консул Владимир Литвинчук.

"Ирацәаҩуп ҳара ҳҟынтәи Аԥсны иаҭаауа. Нижни Новгород агубернатори Аԥсны уаанӡатәи Аԥыза-министр Сергеи Шамбеи рнапы аҵарыҩхьан аекономикатәи, акультуратәи, агуманитартәи еимадарақәа рышьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра", — иҳәеит Литвинчук.

"Даара иманшәалам Адлер адәыӷба улбааны аҳәаа ахысра. Сара сиҿцәажәон Урыстәыла атранспорт азы Аусбарҭа анапхгаҩы. Иара иҳәеит атехникатә ган Урыстәыла еиҿнакаар шалшо", ҳәа азгәеиҭеит иара.

2016 шықәса рзы абри азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы Владимир Литвинчук диҿцәажәахьан Нижни Новгород Азакәанԥҵаратә еизара ахантәаҩы Евгени Лебедев.

"Иасҳәаз азхьаԥшра аиҭеит. Нас сара азыҳәа насышьҭит Горкитәи аихамҩақәа рнапхгарахь, аха дара аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьшьцәеи рақәшаҳаҭра аҭахуп рҳәеит. Адәыӷба Москва-Аҟәа аныҟәара азҵаара ӡбазар, адәыӷба Новгород – Аҟәа азҵаара зыӡбамхарызеи", — иҳәеит Литвинчук.

Уи адагьы дара иазгәарҭеит амаршрут хра шамам, избанзар апассаџьырцәа реиҳараҩык Адлер иақәҵуеит ҳәа.

"Сара исымҳәеит адәыӷба зегьы Аҟәаҟа ишьҭтәуп ҳәа. Ҩба-хԥа вагон азхон", — иҳәеит иара.

Литвинчук иҳәеит Нижни Новгородынтәи Аԥсныҟа аара зҭаху аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацларц азы урҭ аҭагылазаашьа маншәалақәа рзаԥҵатәуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0