Апарламент аҿы хәышықәса рыла 286 закәан рыдыркылеит

© Sputnik Роберт ДжопуаВалери Бганба, аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциа
Валери Бганба, аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент V ааԥхьара иаднакылоз азакәанқәа реиҳарак Аԥсны Аконституциа аԥсахрақәа алагалара иазырхан, иҳәеит Валери Бганба.

АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент V ааԥхьара иаднакылоз азакәанқәа реиҳарак Аԥсны Аконституциа аԥсахрақәа алагалара иазырхан, иҳәеит Валери Бганба, аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны.

"Хәышықәса рыла адепутатцәа ирыдыркылеит 286 закәан, 50 инареиҳаны қәҵара. Иҳадаҳкылаз азакәанқәа рҟынтәи 160 анагӡаратә мчрақәа ираԥшьгамҭан, 125 закәан Апарламент иаԥшьгамҭан", — иҳәеит Бганба.

Апарламент аиҳабы реиҳа аҵакы змоу азакәанқәа ҳәа ишьоит Аԥсны аконституциа иалагалаз аԥсахрақәа.

Даара акрызҵазкуа акәны дахцәажәеит аӡбаратә мчра иазуу ареформа.

"Уаанӡа ҳара зынӡаск иҳамамызт Аконституциатә ӡбарҭа. Ҳара иҳаԥсахит аӡбаҩцәа рзинмчра аҿҳәара, иҳаԥсахит дара аӡбаҩцәа ралхышьагьы", — иҳәеит Бганба.

Аҵыхәтәантәи ахәышықәса рзы ирыдыркылаз азакәанқәа дрылацәажәо иара иҳәеит акоррупциа иаҿагыланы ақәԥареи апарламенттә ҭҵаараз азини хра рыманы ишиԥхьаӡо, еимактәу акоуп ҳәа ишьоит НДС азы азакәан. Уи азакәан далацәажәо Валери Бганба иазгәеиҭеит иара иааинырсланы ирыдыркылаз акакәны дшахәаԥшуа.

Апарламент V ааԥхьарахь алхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 10 2012 шықәса рзы.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 2017 шықәса рзы, 35 округ рҟны. 2016 шықәса рзы Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит алхраз азакәан аԥсахрақәа. Урҭ инарықәыршәаны адепутатрахь кандидатс ҳәа ихы ықәиргылар ҟалом анаркоманцәа, аҩыжәыҩцәа, атаксикоманцәа, зус аӡбра иахрыжьхьоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0