Афымцастанциа "Бзыԥ" аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп
Аҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 14-15 руха Аԥсны илеиз аcы иахҟьаны Аҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп.

АҞӘА, жәабран 15– Sputnik. Афымцастанциа "Бзыбь"иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп. Абри атәы аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" аофициалтә саит.

"Афымцастанциа "Бзыԥ" 220кВ, иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп. Афымцатә ҳақәа ԥыҵәҵәеи", ҳәа арбоуп асаит адырраҭараҟны.

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит. Уаанӡа анаплакы анапхгара адырра ҟарҵахьан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рырманшәалара ишазыхиоу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0