Џьынџьал: афымцалашара иаарласны ауааԥсыра ирыҭахоит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраафымцалашаратә цәаҳәақәа
афымцалашаратә цәаҳәақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 14-15 руха Аԥсны аcы леиит.

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Асы ӷәӷәа алеира иахҟьаны аҳҭнықалақь аҟны иҟоуп аҭыԥқәа аҵлақәа рымахәқәа афымцатә цәаҳәақәа иахьрықәҳаз. Убри инадҳәаланы ҭыԥқәак рҿы афымцамч ырцәан.

Абри атәы ҳзааицҳаит СУЕС аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал. Иара иажәақәа рыла асеиԥш аҭагылазаашьа ахьыҟоу абригадақәа неины аусура хыцдыркхьеит.

"Уажәазы афымцалашара рымам ақалақь агәҭа инхо ауааԥсыреи Алашарбага араион аҿы инхо ауааԥсыреи. Зегьы аусура иаҿуп. Иаарласны аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵахоит", — иҳәеит Џьынџьал.

Асиноптикцәа ишырҳәо ала асы хәылԥазынӡа илеилоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0