Акаҳуажәырҭа "Брехаловка" аамҭала аремонт азы иаркуп

© Sputnik / Томас Тхайцук"Брехаловка" аамҭала аремонт азы иаркуп
Брехаловка аамҭала аремонт азы иаркуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зегь еицырдыруа "Брехаловка" ҳәа хьыӡ ҷыдан измоу акаҳуажәырҭа аамҭала аремонт азы иаркуп. Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Рада Ажьиԥҳа лматериал аҟны.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Ашьыжьтәи акаҳуа аҟәаа рзы аҵак ҷыдақәа рацәаны иамоуп. Иара еиҳарак иззырхоу шьыжьнаҵы аҩызцәа рԥылара, рыҿцәажәара, ажәабжь ҿыцқәа реимдара, мамзаргьы шьыбжьонтәи аиқәшәароуп. Агәалаҟазаара бзиа иратрибут хаданы иҟалеит. Аха абарҭ амшқәа рзы "Брехаловка" аҭааҩцәа маҷк еиҵазырхо аус ҟалеит. Акаҳуажәырҭа аркуп. Аамҭала. Аремонт азы.

"Ҳара арахь лассы-лассы ҳааилоит каҳуак ҳнаҿыхәап ҳәа. Иахьа ҳааизар – иаркуп. Аремонт азы рҳәеит. Ҳгәыӷуеит иаарласны иаадыртып ҳәа", — лҳәоит Инга Габниаԥҳа.

Инга иазылыԥхьаӡоит зегь бзиа еицырбо, изышьцылахьоу аҭыԥ ахаҿра аиҭакра аҭахым ҳәа.

"Брехаловка" апрезидент ҳәа ззырҳәо Лиова Џьениа иакәзар, ари аҭыԥ аҟны исаркьаԥсараха иҟоу хыбрак ргылазар еиӷьны ибоит.

"Абарҭ амшқәа рзы каҳуада еицәажәароуп иҳамоу. Уи маҷк иуадаҩуп. Иаарласны иаадыртындаз", — иҳәоит иара.

Лиова Џьениа еиҭеиҳәоит Брехаловка дшеиҳабхаз - Sputnik Аҧсны
Лиова Џьениа еиҭеиҳәоит Брехаловка дшеиҳабхаз

Акаҳуажәырҭа адиректор Руслан Андарбуа иажәақәа рыла аусурақәа аҽа мчыбжьык аҟара ирыдхалоит.

"Акаҳуажәырҭа арҭбаара гәҭакны иҳамам. Иҟоу маҷк арҿыцроуп ҳус ззырхо", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит акаҳуажәырҭа ауаа аԥшралагьы ацқьаралагьы иаднаԥхьалалар шиҭаху.

"Уажәазы аусуҩцәа апол ҟарҵеит. Адәахьы ажәытә чкатур амхны ахаҳә ала ахаҿра ҳарԥшӡап ҳәоуп", еиҭеиҳәоит адиректор.

Иара игәҭакуп атәарҭақәа иҵегьы рыцҵара.

"Ара ауаа еснагь ирацәоуп. Аҭыԥқәа азхом. Уажәы уи апроблема ҳаӡбап ҳәа сыҟоуп", — иҳәоит Руслан Андарбуа.

Акаҳуажәырҭа ақалақьуаа роума ақалақь асасцәа роума бзиа еицырбо ҭыԥны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0