Аԥсны АҶА: абомбаҽацәыхьчарҭақәа иахьа иактуалӡам

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбомбаҽацәыхьчарҭа
Абомбаҽацәыхьчарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҟны иҟоу абомбаҽацәыхьчарҭақәа 20 рҟынтәи акгьы аус ауӡом, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭоз Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аграждантә хьчареи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи рыҟәша аиҳабы Маврик Амҷба.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ареспубликаҟны иҟоу абомбаҽыцәхьчарҭақәа нап рыдкылара ҵакы амам ҳәа ишьоит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аграждантә хьчареи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи рыҟәша аиҳабы Маврик Амҷба.

"Уаанӡа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рани аибашьратә хҭысқәа рани ауааԥсыра ақалақь иалыргон арҭ аҽыхьчарҭақәа рҟны иаанхон ар ма аусуцәа. Иахьазы аҽа знеишьоуп иҟоу. Атәылақәа жәпак рҟны ауаа аҽыхьчарҭақәа рҟны рыҟазаара апринцип мап ацәыркуеит избанзар иактуалны иҟам", — иҳәоит иара.

Амҷба иазгәеиҭеит аминистрреи автонаплакқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа шыҟоу: ихымԥаданы иҟалар, ауааԥсыра иахьшәарҭам аҭыԥқәа рахь рнагаразы атранспорт азырхиахоит.

"Уи адагьы аҭыԥ уадаҩрақәа рҟны зныҟәара алшо амашьынақәа авоенкоматқәа рҟны ашәҟәы иҭагалоуп. Иаҭаххар урҭ зегьы ахархәара рыҭахоит", — иҳәеит Амҷба.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аграждантә хьчареи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи рыҟәша аиҳабы Маврик Амҷба Sputnik Аԥсны иеиҭаз ардиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Маврик Амҷба иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы Аҟәа ақалақь аҟны иҟоуп 20 инареиҳаны абомбаҽацәыхьчарҭақәеи арадиациаҽацәыхьчарҭақәеи. Асовет аамҭақәа раан урҭ реиҳарак азауадқәеи, афабрикақәеи, административтә хыбрақәеи рзааигәара идыргылон.

"Урҭ рҟынтәи иахьа ишақәнаго аус зуа ҳәа акагьы ыҟаӡам. Акык-ҩбак аӡы рҭам, еиламҳацт–ауаа рыдыркылартә иҟоуп ауп", — иҳәеит иара.

Иахьазы Аԥсны Аграждантә хьчара аоборона Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра асистема иалоуп. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аграждантә хьчареи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи рыҟәша аибашьра мамзаргьы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рҽазыҟаҵараз ауснагӡатә комплексқәа мҩаԥнагоит.

"Ҳара иҭаҳҵаауеит раион-цыԥхьаӡа инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара, анхарҭатә фонд аҭагылазаашьа. Шәарҭарак ҟалар иаадыруазароуп иаҳҭаху атехника зеиԥшроу, хыԥхьаӡарала заҟа ҳҭаххо. Аԥсны ашьхеи амшыни ирыбжьакуп. Иҟалар алшоит ашьхараҟны асыԥсалеира инаркны амшын аҟны аԥшатлакә аҟынӡа", — иҳәоит Амҷба.

Адунеизегьтәи аграждантә хьчара Амш (World Civil Defence Day) есышықәса иазгәарҭоит хәажәкыра 1 азы. Иара шьаҭаркын 1990 шықәса рзы, аграждантә хьчара Аграждантә хьчара Ассамблеиа хада (International Civil Defence Organisation, ICDO) аӡбрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0