ААК Апарламент ахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хнаркәшеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраААК Апарламент ахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хнаркәшеит
ААК Апарламент ахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хнаркәшеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 2017 шықәса рзы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik.

ААК (ЦИК) Апарламент ахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хнаркәшеит, ҳәа Sputnik ахь иаарыцҳаит Ацентртә алхратә комиссиа аҟынтәи. 35 ҭыԥ рҟны иқәгылоуп 139-ҩык акандидатцәа. Аҵыхәтәантәи амш азы ашәҟәы дҭагалоуп иахьатәи Апарламент адепутат Ҭенгьиз Агрба.

Аполитикатә наукақәа ркандидат Артур Атаев Sputnik аинтервиу анеиҭоз иазгәеиҭеит Аԥсны ишааԥшыз аполитикцәа қәыԥшқәа.

"Ареспубликатә телехәаԥшраҟны ицоз адебатқәа иаадырԥшит аҿар азҵаарақәа ишрыцәхьамҵуаз. Рпрограммақәа ртезис хадақәа Аԥсны хра змоу ҳәынҭқарраны аҟаҵара иадҳәалоуп", — иҳәеит иара.

Атаев игәаанагарала Аԥсны аполитикатә ҭоурых аҟны Апарламент изныкымкәа имҩаԥнагахьан азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа рыбжьара амортизатор ароль.

"2014 шықәсазтәи аполитикатә кризис иаԥшьгаҩцәа хадақәаны иҟаз аоппозициатә депутатцәа роуп, иара убри аан иара аҭышәныртәалара зылшазгьы адепутатцәа роуп. Абас ала Апарламент аполитикатә ҿагылара иагьхацнаркуеит иагьҭышәыннартәалоит", — иҳәеит иара.

Алхрақәа Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иалахәра аус зуа азакәанԥҵара иаҿагылом, аха иара убри аан уи иахьатәи аполитикатә елита рҿагылароуп иаанаго ҳәа ишьоит аексперт.

35 ҭыԥ рҟны иқәгылоуп 139-ҩык акандидатцәа. Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0