Сурков: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ацивилизациатә ҟазшьа рыманы имҩаԥысит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Сурков
Урыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Сурков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Сурков ахҳәаа аиҭеит хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысыз алхрақәа.

Аҟәа, хәажәкыра 15 – Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ацивилизациатә ҟазшьа рыманы имҩаԥысит, иҳәеит Урыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Сурков хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысыз алхрақәа ахҳәаа рыҭо. Сурков иажәақәа рыла аоппозициа ахаҭарнакцәа азакәанԥҵаратә орган ахь рнеира хра аманы иҟоуп.

"Апарламент ахь Дмитри Дбари Александр Анқәаби реиԥш иҟоу аоппозициа ахаҭарнакцәа рнеира иунарбоит урҭ адемократиатә процедурақәа рхархәарала аполитикатә еиҿагыларақәа рҭыԥ рықәҵара шырҭаху", — иҳәеит Владислав Сурков.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 22 алхратә ҭыԥқәа рҟны аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп, алхратә ҭыԥ №17 аҟны алхрақәа зымҩаԥымсит ҳәа ишьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0