Рауль Ҳаџьымба Мысра закәандарыла идыргыло аобиектқәа ргәаҭара дыҟан

© Sputnik Бадри ЕсиаваРауль Ҳаџьымба Мысра закәандарыла идыргыло аобиектқәа ргәаҭара дыҟан
Рауль Ҳаџьымба Мысра закәандарыла идыргыло аобиектқәа ргәаҭара дыҟан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла аргыларақәа ахьымҩаԥысуа инамаданы атәыла анапхгара аилацәажәара мҩаԥыргеит аҩаша, мшаԥымза 25 рзы.

МЫСРА, мшаԥымза 25 — Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла аргыларақәа ахьымҩаԥысуа инамаданы атәыла анапхгара аилацәажәара мҩаԥыргеит аҩаша, мшаԥымза 25 рзы.

Рауль Ҳаџьымба хаҭала даҭаан ибеит закәан шьаҭак рымаӡамкәа зыргылара иаҿу аобиектқәа ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Атәыла Ахада аекологиатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа ицны амшын аҿықә аҟны закәандарыла зыргылара иаҿу атуристтә обиектқәа дырҭааит.

Ҳаџьымба аинтерес кны дразҵааит арҭ аобиектқәа зыргылода, аргылара ҵаҵӷәыс иамоуи ҳәа. Пицунда ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа ирҳәеит иарбанызаалак азин ҟазҵо документк шыҟам, азҵаара изныкымкәа ишалацәажәахьо, аха ҭҵаарак шыҟамлац.

Аԥсны аекологиа Аинститут Роман Дбар иҳәеит аргылара азин ҟазҵо адокументқәа рыҟазаара зынӡагьы ишахәҭам, избанзар аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа аргылара зынӡаск иҟалаӡом ҳәа.

Аԥсны Ахада оумашәа ибеит аргыларақәа шхацыркыз здыруаз апрофильтә усбарҭақәа абриаҟара аамҭа ахьақәҿырымҭыз.

"Аргыларақәа ирылагеит анырҳәа зегьы агәыԥжәара шәызнарҵысит аха дарбанызаалак аӡәгьы иахәҭаз усмҩаԥгатәык мҩаԥимгеит. Баша цәажәара мҩаԥысуанаҵы аргыларақәа ирҿын. Ҳазҿу закәи?", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Амшын аԥшаҳәаҟны, аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа рыргылара иаарласны ихдыркәшоит атуристтә обиектқәа ԥшьба.

Аилацәажәара иалахәын: Аԥыза-министр Беслан Барцыц, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Беслан Ешбеи Аслан Кобахьиеи, Апрокурор хада Зураб Ачба, адепутат Беслан Смыр, аекологиатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа, Гагреи Пицундеи рхадацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0