Амшын аԥшаҳәаҟны акаҳуажәырҭа аргылара аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын аԥшаҳәаҟны акаҳуажәырҭа аргылара аанкылоуп
Амшын аԥшаҳәаҟны акаҳуажәырҭа аргылара аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь апрокуратура аусҭҵаара иаҿуп амшын аԥшаҳәаҟны идыргыло акаҳуажәырҭа аргылара закәантә шьаҭас иамоу аилкааразы.

АҞӘА, лаҵарамза 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшын аԥшаҳәаҟны акаҳуажәырҭа аргылара аанкылоуп, Аҟәа ақалақь апрокуратура аусҭҵаара иаҿуп амшын аԥшаҳәаҟны идыргыло акаҳуажәырҭа аргылара закәантә шьаҭас иамоу аилкааразыҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба.

"Уажәазы аргылара апроцесс аанкылоуп. Абри ахҭыс аганахь ала аусҭҵаарақәа ҳарҿуп", — иҳәеит Ҭырқьба.

Апрокурор иазгәеиҭеит амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа акапиталтә ргыларақәа рзин шыҟам.

Ҭырқьба иажәақәа рыла акаҳуажәырҭа аргылара азакәан шьаҭа аилыргара ҩымчыбжьа рҟынӡа аилкаара иадхалоит.

Аҳҭнықалақь архитектура Аусбарҭа аиҳабы Ҭамара Лакрԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит аргыларазы аӡбра здызкыло Аминистрцәа реилазаароуп ҳәа.

"Ҳара асеиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳаӡбаӡом. Амшын аԥшаҳәа иҷыдоу аҵакы амоуп. Уаҟа имҩаԥысыр зылшо аусурақәа рганахь ала ашәҟәқәа зегьы Аминистрцәа реилазаарахь инаҳашьҭуеит. Уаҟа ирыдыркылоит аӡбра", — лҳәеит Лакрԥҳа.

Уаанӡа Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа иҳәахьан аргылара хаҭала дшақәшаҳаҭхаз, иара зыргыло абизнесуаа ақалақь амшынԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиҭеиҿкаарақәа рхахьы ишырго.

Ажәабжьқәа зегьы
0