Аԥсны Акультура аминистр: "Интермузеи" иалнаршоит Аԥсны аӡыргара

© Sputnik Владимир ВяткинXIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузей-2017"
XIX Жәларбжьаратәи афестиваль Интермузей-2017 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа зхадараҟны дыҟаз Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит XIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2017". Афестиваль мҩаԥысуан лаҵарамза 25-29 рзы, Москва.

АҞӘА, лаҵарамза 31 — Sputnik, Бадри Есиава. Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" – амузеиқәа рылшамҭақәа ауаа дырбареиԥш атәылақәагьы рӡыргара иазырхоуп лҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.

"Аԥсны раԥхьаӡа акәны абри ауснагӡатә ахы аланарахәит. Уажәы ҳаар ибзианы еилаҳкаауеит "Интермузеи" –амузеиқәа рылшамҭақәа ауаа дырбареиԥш атәылақәагьы рӡыргара ишазырхоу. Ҽааназы ҳара иҳагәҭакуп Аԥсны егьырҭ амузеиқәагьы абри ауснагӡатә ралархәра", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр лгәаанагарала "Интермузеи" акыр иманшәалоу ҭыԥуп атәыла аҭоурых, акультура, аҵас, ақьабз раарԥшразы.

Аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иҳәеит Москва дара афестивали Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Валериа Адлеиаԥҳаи злахәыз Кремль имҩаԥысуаз аконцертқәеи рыбжьара ишыбжьаз.

"Арҭ ахәымшк ҳара Ашҭа ҟаԥшь ҳшыҟаз ҳаҟаӡан. Мышкы 15 километра аныҟаҳҵоз ыҟан. Аԥснытәи акультуратә десант Москва итәеит уҳәар алшоит", — иҳәоит Кобахьиа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи апрезентациа Москва имҩаԥысит қәҿиарала ҳәа азгәалҭеит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа зхадараҟны дыҟаз Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит XIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2017". Афестиваль мҩаԥысуан лаҵарамза 25-29 рзы, Москва.

Ажәабжьқәа зегьы
0