Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Рита Ҭраԥшьԥҳа лусураҿы деиҭашьақәыргылатәуп ҳәа аӡбеит

© Фото : предоставлено Ритой ТрапшРита Ҭраԥшьԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиура аҟәша аҳақьым
Рита Ҭраԥшьԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиура аҟәша аҳақьым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Рита Ҭраԥшьԥҳа лышшыԥхьыӡ иахәаԥшыз, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа лара лусураҿы деиҭашьақәыргылатәуп ҳәа аӡбахьан. Убри аан ажьырныҳәа 18 2017 шықәса инаркны хәажәкыра 31 2017 шықәсанӡа илоураны иҟаз аулафахәы Агәабзиарахьчара аминистррра иашәараны ишьақәнарӷәӷәеит.

АҞӘА, рашәара 29— Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аграждантә усқәа рзы акассациатә коллегиа, аӡбаҩ Есма Қорсаиаԥҳа лхантәаҩрала аҳҭнықалақь Аӡбарҭа лара лусураҿы деиҭашьақәыргылатәуп ҳәа иаднакылаз аӡбра амч шамаз иааннажьит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Хәажәкыра 31 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаарту аӡбратә еилатәараҟны Рита Ҭраԥшьԥҳа лышшыԥхьыӡ иахәаԥшны ибзиоуп ҳәа ахнаҳәаахьан лара Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиура аҟәша аҳақьым хада ҳәа лааныжьрази абри аамҭала лулафахәы ашәарази.

Аҟәатәи ахшараиурҭа - Sputnik Аҧсны
Рита Ҭраԥшьԥҳа лҭыԥ ахь дырхынҳәтәуп ҳәа Аӡбарҭа ишьақәнаргылеит

Ажьырныҳәа 18 2017 шықәса рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Идҵала Рита Ҭраԥшьԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиура аҟәша аҳақьым хадас дахьыҟаз аҟынтәи лхы дақәитәын.

Ажьырныҳәа 17 2017 шықәса рзы Белла Ԥлиаԥҳа аамҭала Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы инапынҵақәа налыгӡон, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аслан Берзениа идҵала.

Рита Ҭраԥшьԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабыс дыҟан 2013 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0