Аԥсны Ахәаахәҭра Ааглыхратә палата ахаҭарнакрақәа аҳәаанырцә фба ыҟоуп

Анапаҵаҩра
Авидеоцҳа Аҟәа-Ниу-Иорк, Аԥсны Ахәаахәҭра Ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа алархәны Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҟны имҩаԥысит нанҳәа 14 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 15 авг – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. АА ААП ахаҭарнакрақәа аҳәаанырцә – Германиа, Италиа, Шотландиа, Бельгиа, США, Урыстәылатәи Афедерациа рҟны фба ыҟоуп ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра Ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа алархәны Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҟны имҩаԥысыз авидеоцҳа Аҟәа-Ниу-Иорк аҟны АА ААП ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭамила Мерцхәылааԥҳа.

"Ахәаахәҭра Ааглыхратә палата азеиԥш Аԥсны зегь азы ари иааироуп. Ҳара урҭ ахаҭарнакрақәа ахьыҟоу ақалақьқәа рыӡбахә еснагь иҳарзом, избанзар ишыжәдыруеиԥш мрагыларатәи ҳгәылацәа џьара ԥыжәарак ааҳаур иахьаԥырхагахаша иазхәыцуа иалагоит" — лҳәеит Мерцхәылааԥҳа.

Лара иара убасгьы еиҭалҳәеит хаҭарнакрақәак Аԥсны аҩныҵҟатәи тәылауашәҟә ала ишаартыз.

Иара убасгьы АА ААП аԥшьгаратә формала аус зуа ахаҭарнакрақәа ԥшьынҩажәа рҟынӡа аус руеит еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ҩынҩажәа рҟны.

"Ахаҭарнакрақәа аҵак ду рыманы иҟоуп. Зны-зынла аҳәынҭқарратә еилазаарақәа ирцәыуадаҩу аусқәа Ахәаахәҭратә палата анагӡара азымариоуп, избанзар иара ҳәынҭқарратә мамзаргьы коммерциатә еиҿкааран иҟам" — лҳәоит ААП аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.

Авидеоцҳала апресс-центр лҽадылҳәалеит Америка иҟоу АА ААП адәныҟатә еимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аҟаза Лана Басариаԥҳа. Лара еиҭалҳәеит Америка имҩаԥылгаз аԥсуа культура ахәылԥаз амҩаԥысшьа атәы.

"Ахәылԥаз ахь иааԥхьан ашәҟәыҩҩцәа, ажурналистцәа. Асасцәа рҟынтә имаҷҩын Аԥсны аӡбахә здыруаз. Урҭ зегьы агәахәара рнаҭеит асеиԥш иҟоу атәыла рхазы иахьаадырԥшыз" — лҳәеит Лана Басариаԥҳа.

Мерцхәлааԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит ААП асаит быжь-бызшәак рыла аус шауа, асоциалтә ҳақәа рҟны адаҟьақәа шамоу.

Авидеоцҳа Аҟәа-Ниу-Иорк, Аԥсны Ахәаахәҭра Ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа алархәны Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҟны имҩаԥысит нанҳәа 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0