Аибашьра алахәҩы Иасон Кьахьба, шьапыла Калдахәарантәи Ԥсоунӡа днаӡеит

© Sputnik / Саида ЖибаАибашьра аветеран Иасон Кьахьба шьапыла Калдахәарантәи Ԥсоунӡа днаӡеит
Аибашьра аветеран Иасон Кьахьба шьапыла Калдахәарантәи Ԥсоунӡа днаӡеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амш аҽны, аморофонтә бжьазаара данысит аибашьра алахәҩы Иасон Кьахьба.

ГАГРА, жьҭаара 3 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аиааира амш аҳаҭыраз, агәалашәаратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Калдахәарантәи Ԥсоунӡа, амарафонтә бжьазаара 42 километри, 195 метри данысит аибашьра алахәҩы, атлетика хьанҭазы СССР аспорт азҟаза, Гагратәи ахәыҷтәы-ақәыԥштә спорттә школ азыҟаҵаҩ, Калдахәаратәи ашкол-интернат абҩарҵәыра арҵаҩы, 65 шықәса зхыҵуа Иасон Кьахьба.

"Аӡәырҩы аишәа иадтәаланы аныҳәа азгәарҭоит, аха сара исыӡбеит, аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара аҳаҭыр азы, абри аморофонттә бжьазаара анысра. Уи алагьы, агәабзиара зцу аԥсҭазаарагьы ӡырызгоит", — иҳәоит аспортсмен.

Ашьыжь асааҭ хәба рзы зҿыназхаз, Гагра ақалақьынӡа днаӡеит ԥшь-сааҭк рыла.

"Сара сыспортсменуп аҟнытә, ибзианы издыруеит, аныҟәара иашьашәало аццакра, схы смырааԥсакәа, аҳәааҟынӡа снаӡоит", — ҳәа азгәеиҭеит аибашьра алахәҩы.

Иасон Кьахьба илшамҭа ӷәӷәоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы. Иара дызлаз амшынтә дивизион ауп изыбзоуроу, Тамшь аԥсуа десант аӡхыгара.

Аспортсмен изы, ари раԥхьатәи ныҟәарам, еиҳау абжьазаара данысит ҵыԥхтәи ашықәс азы. Усҟан шьапыла, Калдахәарантәи Гәдоуҭа дцаны деиҭагьежьит.

"Сара гәҭакыс исымоуп, Аԥсны ахыи аҵыхәи шьапыла анысра. Убасҟан ауп, саԥсыуацәҟьоуп ҳәа ианысԥхьаӡо. Абри аныҟәаралагьы, зегьы ирасҳәарц сҭахыуп, макьана исылшо шырацәоу, сыԥсадгьыл амаҵ азызуартә сшыҟоу. Агәра згоит, ҳаԥхьаҟа, акциа сымаздаша аҿар шыҟало. Шьапыла аныҟәара, ԥыҭҩык уанеицу еиҳа ауаажәлар аднаԥхьалоит", — ҳәа инаҵишьит аспортсмен.

Иасон Кьахьба игәабзиара ԥырхага амҭакәа, Ԥсоу аҳәааҟны днеит асааҭ 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0