Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аекспонат ҿыцқәа арҭеит

© SputnikПластинки с записью народных абхазских песен
Пластинки с записью народных абхазских песен - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи адиректор Светлана Қәарсаиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит амузеи иарҭаз аекспонат ҿыцқәа рыӡбахә.

АҞӘА, жьҭаара 13– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи ҳамҭаны иарҭеит Аԥсны амузыкатә фольклор зну авинилтә пластинкақәа. Абри атәы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи адиректор Светлана Қәарсаиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит.

"ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рыбжазы амузыкаҭҵааҩы, афольклорист Вадим Ашәба иаԥиҵеит "Аԥсуа музыкатә фольклор антологиа" захьӡу асериа. Афирма "Мелодия" Москва иҭнажьит авинил иалхыз апластинкақәа ԥшьба", — ҳәа еиҭалҳәеит лара.

"Мелодия" иҭнажьит амузыкатә альбомқәа "Аԥсны жәлар рҟазара аҩны иаку аетнографиатә хор", "Ақыҭа Оҭҳара аҟынтәи Багаҭелиаа рҭаацәаратә ансамбль", "Ражьден Гәымба знапхгараҿ дыҟоу Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль", "Платон Ԥанцулаиа знапхгараҿ дыҟоу Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль".

© SputnikПластинки с записью народных абхазских песен
Пластинки с записью народных абхазских песен - Sputnik Аҧсны
Пластинки с записью народных абхазских песен

"Арҭ апластинкақәа аклубқәеи арҿиаратә ҩнқәеи рҟны ирымамкәан иҟаӡамызт. Еиқәханы иҟоуп, аха ҳмузеи аҟны иҳамамызт" — лҳәоит адиректор.

Лара лажәақәа рыла апластинкақәа иԥшааит аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа.

"Апластинкақәа ԥшаан Очамчыра араион аҟны имҩаԥыргоз археологиатә експедициак аан аклубқәа руак аҿы. Сурам ур- Аҟәаҟа иааганы АБНИ аҟазара аҟәшахьы ириҭеит. Аҟәша аиҳабы Алла Оҭырԥҳа илыӡбит арҭ апластинкақәа АБИГИ аҿы адагьы амилаҭтә музеи ҳара ҳмузеии рҿы иҟазар ахәҭоуп ҳәа" — лҳәоит Қәарсаиаԥҳа.

© SputnikПластинки с записью народных абхазских песен
Пластинки с записью народных абхазских песен - Sputnik Аҧсны
Пластинки с записью народных абхазских песен

Аҳамҭақәа зауз амузеи аҟны жьҭаара 12 рзы имҩаԥган аԥсуа милаҭтә музыка иазкыз ахәылԥаз. Иара иалахәын афольклористцәа, афольклор аизгаҩцәа, амузыкаҭҵааҩцәа.

Уажәы амузеи аҟны еиҿкааупирырҭаз аҳамҭақәа рцәыргақәҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0