Аҳҭнықалақь агәҭан амҩатә машәыр ҟалеит

© Sputnik Томас ТхайцукДТП на улице Ардзинба
ДТП на улице Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 24, асааҭ 13.30 рзы Аҟәа ақалақь агәҭаны амҩатә машәыр ҟалеит.

АҞӘА, жьҭаара 24– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәиԥшь-шықәса зхыҵуа ашколхәыҷ амашьына исит Арӡынба имҩеи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь Автоинспекциа аиҳабы Виачеслав Рикәаа.

"Автомашьына аџьармыкьа хадахьы ахы рханы ицон. Амашьына зысыз ахәыҷы аҩбатәи ашкол аҟны аҵара иҵоит. Ахәыҷы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит" — иҳәеит иара.

Виачеслав Рикәаа иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭаҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла ахәыҷы иԥсҭазааразы шәарҭара ыҟам ҳәа.

Рикәаа иажәақәа рыла автомобиль Peugeot–370 аԥсҟы зкыз Анаркологиатә диспансер ахь днагоуп, анаоркотикатә маҭәашьарқәа идкылан дыҟазу дыҟамзу агәаҭаразы.

Уаанӡа, ахәаша, жьҭаара 20 рзы Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра ажурналист Фатима Қәҭелиаԥҳа Леон имҩеи Аиааира амҩеи реихысырҭаҿы амашьына лысны ахәышәтәырҭахь днаргахьан.

© Sputnik Томас ТхайцукДТП на улице Ардзинба
ДТП на улице Ардзинба  - Sputnik Аҧсны
ДТП на улице Ардзинба

Ажәабжьқәа зегьы
0