Афестиваль "Свидание с Россией. Свидание с Москвой" хырқәшахеит

© SputnikКинофестиваль "Свидание с Россией"
Кинофестиваль Свидание с Россией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит афестиваль "Свидание с Россией. Свидание с Москвой". Хымш рыҩныҵҟа афестиваль аусура мҩаԥысуан Аҟәеи Гәылрыԥшьи.

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Афестиваль "Свидание с Россией. Свидание с Москвой" аиҿкааҩцәа имҩаԥыргеит апресс-конференциа иара аартра аламҭалаз.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа дааит СССР жәлар рартист, акомпозитор Евгени Дога.

"Сара агәахәара ду снаҭоит амузыка адунеи аидкылара ахьалшо. Исҭахуп ара аконцертқәа рымҩаԥгара. Избар сҭахуп аԥсуа зыӡырыҩцәа смузыка шрыдыркыло" — иҳәеит Дога.

Афестиваль еиҿкаан аконцертқәа, аиԥыларақәа, ахәыҷтәы программақәа рыла.

Круговая панорама на ВВЦ - Sputnik Аҧсны
Аԥсны имҩаԥысуеит аҟазара афестиваль

Ахәыҷқәа рзы арахь иаагоуп анимациа афестиваль "Суздаль-фест" аҟны идырбаз амультипликациатә фильмқәа.

Акиносахьақәа рырбара хацыркын Дмитри Киселев иусумҭа "Время первых" ала. Афильм азкуп акосмос. Акиносахьаҿ рыҽҭырхит Евгени Миронови Константин Хабенскии.

Иара убасгьы идырбан афильмқәа "Бабушка легкого поведения" (Мариус Ваисберг), "Везучий случай" (Романа Самгин), "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным" (Иури Кара).

"Раԥхьаӡа акәны Аԥсны идҳарбеит Евгени Дога изку афильм "Вселенная Маэстро" апремиера. Апремиера мҩаԥган Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны жьҭаара 28 асааҭ 16.00 рзы. Иара убасгьы жьҭаара 29 рзы имҩаԥган Фазиль Искандер игәалашәара иазкыз ахәылԥаз", — иҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Владимир Пирожков.

Пирожков далацәажәеит афестиваль ахықәкы.

"Ҳара иаадыруеит Аԥсны аурыс культурахь абзиабара ду шаадырԥшуа. Ҳәарада, Аԥсни Урыстәылеи еиднаҳәалоит акыр аҭоурых змоу акультуратә еинырра, аҭоурых, аигәылара, аимабзиара, азеиԥш иааирақәа, аицхыраара. Аҩ-тәылак реизааигәахара ԥсабаратәла иҟалаз акоуп. Урыстәылоуп раԥхьаӡа Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз, Аԥсны адгылара иахьагьы иазҭо. Ҳфестивальгьы ззырхоу ҳтәылақәа рыбжьара аинырреи аилибакаареи еиҳагьы рырҿиароуп", — иҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Владимир Пирожок.

Афильмқәа дырбан Аҟәа иҟоу Москва Аҩнаҟны, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны, Гәылрыԥшь Акультура Ахан аҟны. Афестиваль аартра ацеремониа мҩаԥган Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны жьҭаара 28 асааҭ 14.00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0