Аныҳәа аламҭалазы амилициаа русура дырӷәӷәоит

© Sputnik / Илона ХварцкияМВД
МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леван Кәарцхьиа далацәажәеит аныҳәатә мышқәа раан амилициа аусура шымҩаԥысуа атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәларратә закәанеиҿкаара ахьчара аиқәыршәаразы аныҳәатә мышқәа раан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр адҵа ҟаиҵеит аусбарҭа ацентртә аппарати ақалақьтәи араионтәи усбырҭақәа русзуҩцәа русура арежим ҷыдахь ииагахарц азы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леван Кәарцхиа.

Ежегодное послание президента народному собранию - Sputnik Аҧсны
Атәыла ахада: азинхьчаратә система хра амам

Аусура арежим ҷыда шьақәыргылахоит ԥхынҷкәын 28 инаркны жьҭаара 8 рҟынӡа. Кәарцхиа иажәақәа рыла аҭыԥқәа рҟны иаԥҵоуп еиҭаҵуа агәыԥқәа ашьаусԥшааратәи ауаажәларратә шәарҭадара амилициеи рхаҭарнакцәа рҟынтәи иҳәеит Кәарцхиа.

Ақалақьқәеи араионқәеи рҟны апатрультә гәыԥқәа аус рулоит иҳәеит Кәарцхиа.

Апрактика ишаанарԥшхьоу ала абарҭ амшқәа раан ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи рацәам.

"Ҳара еиҳарак ацәшәара зызҳамоу атранспорт машәырқәа рзоуп. Аныҳәамшқәа раан имаҷым арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы аанызкыло. Убри азы иаԥаҳҵеит агәыԥқәа. Урҭ рхадацәа ҭакԥхықәра рыдлоит аҭыԥқәа рҟны иҟало аҭагылазаашьақәа рыӡбразы", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан азинхьчара еиҿыркаауеит ареспублика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0