Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Марыхәба: "Амцабз" ашьапылампыласразы адунеи ачемпионат аанартыр алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаша Марухба
Лаша Марухба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыласразы Адунеи Ачемпионат 2018 аартразы имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аицлабра "ART OPEN WORLD" аҿы Москва еиҿкаау ахәыҷтәы ансамбль "Амцабз" гран-при иаԥсахеит, абри атәи арадио Sputnik Аԥсны ҭелла иазеиҭеиҳәеит актиор, ахореограф, ансамбль "Амцабз" асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Лаша Марыхәба аицлабра иазкны

""Жәлар рыкәашара" аноминациаҿы ҩкәашарак дҳарбеит, рыҩбагь аԥхьаҳәқәа ааныркылеит, гран-при ҳаԥсахеит. Аӡӷабцәа "Даӷьсҭанаа рықәашара" ӡырыргеит, аҷкәынцәа- "Ашьхарыуаа рыкәашара". Уажәы аиҿцәажәарақәа цоит Ашьапылампыласразы Адунеи Ачемпионат аартра алахәхаразы", — иҳәеит Лаша Марыхәба.

Атемала ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0