"Ахархәаратә кредит": Аԥсны Амилаҭтә банк ихацнаркуеит апрограмма ҿыц

© Fotolia / AddoroМужчина у банкомата
Мужчина у банкомата - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аулафахәытәи атәанчахәытәи акредитқәа инарываргыланы Аԥсны ауааԥсыра рзы еиҿкаауп апрограмма ҿыц "Ахархәаратә кредит". Апрограмма ҿыц иалахәхар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩра змоу зегьы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҵәахырҭатә банк аусура иаланаргоит ахатәхаҿқәа рзы акредиттә аалыҵ "Ахархәаратә". Апрограмма аусура хацыркхоит 2018 шықәса жәабранмза 1 инаркны. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

"Дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ иоуеит алшара Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ахь акредит аиуразы дыдҵааларц. Акредит 200 000 мааҭ рҟынӡа агара алшоит, ашықәстәи апроцент иартәоит 24%. Акредит зго ихала ашәарақәа мҩаԥигалоит", — иҳәеит Бараҭелиа.

Апрограмма ҿыц ала акредит иоурц Аԥсны атәылауаҩ Аҵәахырҭатә банк ахь днеиуеит ҩыџьа ахәдықәҵаҩцәа иманы. Ахәдықәҵаҩцәа абри абанк акарта "Аԥра" змоу ракәзароуп. Урҭ руаӡәк дтәанчаҩызароуп мамзаргьы асоциалтә шәарақәа зауа иакәзароуп.

"Аулафахәытәи атәанчахәытәи кредит зауа иреиԥшымкәа абри апрограмма иалахәхоит Аԥсны атәылауаҩра змоу зегьы. Урҭ абри абанк аус ацрымуазаргьы ҟалоит, абанк акарта рымамзаргьы ауеит. Абас ала Аҵәахырҭатә банк ахатәыԥшьгарақәа адгылара рнаҭоит, аԥара зҭаху атәыла ауааԥсыра, иацхраауеит рпроблемақәа рыӡбраҿы", — иҳәеит Бараҭелиа.

Аԥсны аҵәахырҭатә банк аусура иаланаргоит ахатәхаҿқәа рзы акредиттә аалыҵ "Ахархәаратә". Апрограмма аусура хацыркхоит 2018 шықәса жәабранмза 1 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0