Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәуп

© Foto / пресс-служба Президента Абхазии Вице-президент Абхазии Бадра Гунба принимает участие в инаугурации избранного президента Республики Южная Осетия Алана Гаглоева
Вице-президент Абхазии Бадра Гунба принимает участие в инаугурации избранного президента Республики Южная Осетия Алана Гаглоева - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа ҩ-туркны имҩаԥысит – мшаԥы 10 рзыи лаҵара 8 рзыи. Урҭ алҵшәақәа рыла атәыла ахадас далхуп Алан Гаглоев.
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә иалахәуп, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аусмҩаԥгатә аҟны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп. Аиашьара зыбжьоу ҳажәларқәа акыр аԥышәарақәа хьӡы-ԥшала ирхысит. Агәра згоит Шәара шәнапхгарала аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура аԥхьаҟагьы амҽхак шыҭбаахало, ҳажәларқәа реизҳазыӷьра иазку алшарақәа есааира ишрыцҵахало", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Иара убас, аҭоубашьҭаҵаратә усмҩаԥгатә иалахәын Урыстәыла ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, ЛЖәР, ДЖәР, Ашьхатә Ҟарабах, Нхыҵ Уаԥстәыла, Никарагуа рделегациақәа.
Ҿыц иалху Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев аофициалла имаҵзура дахагылоит лаҵара 25 инаркны. Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рыҟны Гаглоев 56,09% атәыла ауааԥсыра рыбжьы ирҭеит.
Второй тур президентских выборов в Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас иалырхыз Алан Гаглоев идиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0