Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Вольвач иҳәеит Аԥсны афымцамчтә шәарҭадара аиҿкааразы иаҭаху

© Sputnik / Томас ТхайцукСухум ПС-2
Сухум ПС-2 - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны афымцамчтә шәарҭадара аиҿкаашьа шибо атәы иҳәеит, иазгәеиҭеит аӡынра афымцамч азымхара азҵаара шыӡбахо.
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны политикала агәаӷьреи анапхгараҭараҿы аҟәыӷареи аанарԥшыроуп афымцамчтә шәарҭадара аиҿкааразы, абас иҳәеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
"Ареспубликаҟынтәи иаҭаххо политикала агәаӷьра дуи анапхгараҭараҿы аҟәыӷареи, афымцамчтә система ахархәаразы афинанстә модельқәа рахь ианиастәхо аамҭазы", - иҳәеит Вольвач.
Иара агәра диргеит Аԥсны афымцамч аиуреи, аҳасаббареи, аихшареи рзы афымцамчтә инфраструктура аиҭарҿыцразы аусура шцац ишцало Москва ацхыраарала. Убри аан иара иазгәеиҭеит иааиуа хышықәса ирылагӡаны ишаҭаху Аԥсны афымцеиқәыршәара асистема аиҭакреи, уимоу ареформеи рыҟаҵара.
Иарбанзаалак акы иаԥсоу афымцамчсистема иаҭахуп атехнологиақәеи арҿыцрақәеи рыда, аекономика иашагьы, убри инамаданы ԥхынгәымза инаркны алашаразы ахәԥсақәа иахьрыцырҵаз ииашаз шьаҿан, иҳәеит Вольвач.
Дмитрий Вольвач - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2022
Аԥсны
Вольвач: аинвестициақәа рыда Аԥсны аекономика аҩаӡара ашьҭыхра залшом
Иара инаҵишьит 2008 шықәса инаркны зныкгьы иҟамлеит Урыстәыла Аԥсны иамыцхраакәа афымцамчзымхара аныҟалалоз ахҭысқәа раан. Сынтәа иаларгалаз апрограмматә знеишьа акәзар (2023 - 2025 шықәсазтәи Аинвестпрограмма - азгә.), аԥсуеи аурыси ганқәа хықәкыс ирымоуп ус баша афымцамчзымхара ахҩара ма адотациақәа раашьҭра акәымкәа, "иаҳа иуадаҩу, аха иаҳа ииашоу амҩа алхра" ҳәа инаҵшьны иҳәеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Флаг Абхазии и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2022
Аԥсны
Вольвач: Аԥсны аекономика, Урыстәыла ишахьыԥшугьы, иаҳа иӷәӷәахартә иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0