Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа "Ашана" зыцхыраауа ортезқәа рыла реиқәыршәара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа "Ашана" зыцхыраауа ортезқәа рыла реиқәыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аимадара ҿыцқәеи Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥснытәи ахәыҷқәа рыхәшәтәразы иҟарҵо атәы еиҭалҳәеит афонд аиҳабы, Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы аусбарҭа анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аимадара ҿыцқәа шьақәнаргылоит. Ааигәа ԥсшьара ҳәа Ермантәылаҟа ицаны иҟаз афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа лныҟәара аусуратә еиԥыларақәа рыда изалмыршахеит. Ереван лыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган ҳаԥхьаҟа алҵшәақәа аазырԥшраны иҟоу аиԥыларақәа. Арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥснынтәи ахәыҷқәа рыхәшәтәразы имҩаԥырго аусқәа ртәы.
"Аҳақьым-ортопед Овсеп Данелиан есымша Аԥсныҟа ааԥхьара заҳҭо, заара ҳазыԥшу, ааигәа дыҟан ҳтәылаҟны. Уажәы зхәыҷқәа ирбара иахьымӡаз аҭаацәа, ааԥын ус еиԥш аҭагылазаашьа роуеит. Ҩымш-хымш ирҭагӡаны ортопедиа аганахьала ахәыҷқәа гәеиҭоит, убасгьы ҩыџьа ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҟны аԥҟара рзымҩаԥигоит. Ара даныҟаз 20-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа аликааит ортезқәа ҳәа ашьаҵатәы зҭаху. Урҭ зегьы хаҭала дрызнеит, иҿаҳцеит Ермантәыла иҟоу амедицинатә центр аҟны ортезқәа. Лассы еиқәыршәаны Аԥсныҟа иаарышьҭуеит, ахәыҷқәа ирзаҳшоит досу ирҭаху", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0