Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашьац иламгыло ауаҩы": архаикатә ҟазшьа змоу аԥсыуа кәашарақәак рышьаҭа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилейный концерт ансамбля "Кавказ"
Юбилейный концерт ансамбля Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа кәашара ахкқәа "аишәа кәашара", "ауапа кәашара" рархаикатә шьаҭеи иахьатәи рынагӡашьеи атәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа кәашарақәа архаикатә шьаҭақәа рымоуп, рҵакы акыр иҭбаауп, аԥсуа қьабзқәеи атрадициақәеи иргәылган иаагоуп, аԥсуа ицәаҩа, аԥсуа илеишәа, ибызшәа рхоуп. Аԥсуаа ишырҳәо ала, акәашаҩ бзиа ишьхәа адгьыл иқәмырсӡакәа, дықәԥраа, дшьацәхыртәуа дкәашоит.
Ажәытәан қыҭацыԥхьаӡа акәашацәа алхын. Урҭ аизара дуқәа рҿы, мамзаргьы ачарақәа рҿы акәашара шрықәшәоз рдыруан, убриаҟнытә рҽазыҟаҵаны, ишақәнагаз рҽеилаҳәаны инеиуан. Иахьагьы аԥсуа кәашарақәа азҿлымҳара рымоуп. Аҭаацәа рхәыҷқәа ианмаҷу инаркны еиуеиԥшым астудиақәа рахь ирышьҭуеит ԥсыуала акәашашьа рҵарц азы, чарак, гәырӷьарак аҟны изыкәашартә еиԥш ирдыруазароуп ҳәа иԥхьаӡаны.
"Аишәа кәашара"
Иахьатәи акәашарақәа рҟны аԥыжәара амоуп уҳәар ауеит "Аишәа кәашара". Уи ахьынарыгӡо ачарақәеи еиуеиԥшым агәырӷьарақәеи рҿоуп. Иара акәашара ахаҭагьы гәырҿыхагоуп, ауаҩы дарлахҿыхуеит. Ганкахьала, арыжәтә ауаҩы иқьаф шыҟанаҵо еиԥш, акәашарагьы ауаҩы иқьаф ҟанаҵоит, ахатә гьама амоуп. Даҽа ганкахьала – икәашо имч, илша, иҟазара аанарԥшуеит.
Ачараҿы аишәа ишахатәоу чарабжара ианнеилак, аркәашага ааҭдырҟьоит. Усҟан аҷкәынцәа ишьацәхыртәуа, ршьамхы рыҵԥраауа, еивакәашо иаақәлоит. Ааигәанӡагьы ҳала иабоз акәашара аелементқәа иреиуоуп, ас еиԥш "аишәа кәашара" аан, акәашаҩ ихы аҵәца ықәыргыланы, иҭоу камҭәаӡакәа даныкәашоз. Аха иахьатәи "аишәа кәашареи" анкьатәи аиԥшымзаарақәа рымоуп, иарӡыз ахәҭақәа ыҟоуп.
Аԥсуа кәашаҩцәа Есма Ақырҭааи Ҭемыр Аргәыни - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2019
Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи
"Аишәа кәашара" шынарыгӡоз иазкны Баграт Шьынқәба иҩуан:
"Аишәа кәашара - уи қьачақь кәашароуп… Ачараҿы ақьачақьцәа аӡә иеиԥш ҩыџьа-хҩы ыҟазар ҟалоит. Урҭ аишәа ахқәа рҿы атәарҭақәа рыԥшаауан. Афатә ныԥхьаҳәаны, аишәа даақәԥалоит, ишьапымаҭәа иԥсахуазар акәхарын, аҳәынҵәа ицратата аишәа, ауаа акрызқәырфо дықәлар ҟалозма. Уи дкәашоит улаԥш ихьымӡо, ихагәҭа иқәгылоу аҵәца ҩыла ихыхәхәоит, аха цәыкәбарк каҭәашам, иара убас аишәа иахатәоу раԥхьа иқәгылоу аҵәцақәагьы хышәҭуам, ирҭаҭәоу аҩгьы цәыкәбарк каҭәом. Уи адыхҳәа данылбааԥалак, нахьхьи итәоу "ҽаанбзиала унеит!" ҳәа акәашара ииҭоит. Уи даналгалак – даҽаӡәы…" - ҳәа азгәеиҭоит ари акәашара шынарыгӡоз атәы Баграт Шьынқәба изеиҭазҳәаз ажәабжьҳәаҩ.
"Ауапа кәашара"
Ирҳәо ишәаҳахьеит "ашьац иламгыло ауаҩы" ҳәа. Ас еиԥш ззырҳәо мыцхәы зых пату ақәызҵо, егьырҭгьы пату рықәызҵо, зыҟазшьа татоу ауаҩы иоуп. Аха ари ажәа - "ашьац иламгыло" - ахьынтәаауа ахыҵхырҭа уазхәыцуазар, уи, ҳгәанала, "ауапа кәашарахь" уцәырнагоит. Ашьац дыламыргылаӡакәа идыркәашо изваҽырбо, зхаҵкы камыршәуа извагьежьуа аԥҳәызба лоуп. Зны аԥҳәызба лхала ауапа дықәгылан дкәашоит, зны арԥыси лареи ауапаҿ еицыкәашоит. Еицыкәашо рцәаныррақәа убас иҳаракуп, ауапа ршьапы нықәҵыр, ибылуа. "Шәас, уара, ауапа рыҵаркит!" - рҳәон ашәаҳәацәа. "Ауапа зшьапы ықәҵыз дбылуеит!" – рҳәон егьырҭ ирымданы.
Акәашацәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2020
Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо
Анкьа ианыкәашоз, даҽа ҟазшьак аҵан, агьама аман икәашон, иахьа атехникатә ҟазарахь иаҳа ииасит ҳәа азгәарҭоит акәашаҩцәа ҟазацәа. Иҟалап, уи зыхҟьо ируакзар анкьа инарыгӡоз акәашара аҵакы ахьырдыруаз, уи иацназгоз аҟазшьа ахьамаз, иахьатәи анагӡаҩ аҵакы нагӡаны еилкааны иахьимам азы акәзар.
Ажәабжьқәа зегьы
0