Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум

© Foto / Парламент РАДелегация Народного Собрания – Парламента Республики Абхазия во главе со Спикером Парламента Лашей Ашуба принимает участие в XXVI ПМЭФ
Делегация Народного Собрания – Парламента Республики Абхазия во главе со Спикером Парламента Лашей Ашуба принимает участие в XXVI ПМЭФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 14-17 рзы Петербург ақалақь аҟны.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәуп Аԥсны Жәлар Реизара ахаҭарнакцәа.

Аԥснытәи аделегациа аилазаара аҟны иҟоуп Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алхас Ҳагба, Алиса Гәылариаԥҳа, Наур Нарманиа.

Аминистрцәа реилазаара аҟны Sputnik акорреспондет ишиарҳәаз ала, иара убасгьы афорум рхы аладырхәуеит аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит 1997 шықәса раахыс, 2006 инаркны иара хылаԥшра аиҭоит, ихгьы алаирхәуеит Урыстәыла ахада.
Афорум - адунеи аусутә гәыԥқәа рыбжьара кыр зҵазкуа хҭысуп. 2022 шықәсазы 131 тәыла рҟынтәи 14 нызқьҩык рхы аладырхәит.
Ажәабжьқәа зегьы
0