Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Гаграҟа днеит араион аҟны амшцәгьа иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиликаарц

© Foto / из соцсетей Ливень размыл дорогу в Гагре
Ливень размыл дорогу в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Гаграҟа дцеит ақәаршҩы ӷәӷәа иҟанаҵаз аԥхасҭа агәаҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп, атәыла ахада аҭагылазаашьа ҷыдала дшахылаԥшуа.

"Уажәы амашьынамҩа аартуп, рыҩ-хырхарҭакгьы аус руеит. Рыцҳарас иҟалаз аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, уахь макьана аусура аанкылоуп", - ҳәа атәыла ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Иара убасгьы аминистр иҳәеит, Москвеи Санкт- Петербургынтәи иаауаз адәыӷбақәа Цандрыԥшь ишгылоу, аԥсшьаҩцәа ракәзар ацхыраара шрырҭо, автобус маҷқәа рыла досу иахьцоз ақалақьқәа рахь ишырго.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны шьыжьаахыс Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәеи акоммуналтә усбарҭақәеи амҩақәа дрыцқьоит. Уи иабзоураны ҩ-сааҭк раҧхьа амҩа аартра алыршахеит, амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит.
Отключения воды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Аԥсны
Гагра ақалақь аҟны аӡыржәтә шьақәдыргылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0